"Аҷандараа" Гран-при ранашьахеит

© Фото : http://sochi-fest.ru/"Аҷандара" Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы ҟазара аконкурс "ART Arena" аҟны аԥыжәара агеит
Аҷандара Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы ҟазара аконкурс ART Arena аҟны аԥыжәара агеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы ҟазара аконкурс "ART Arena" мҩаԥысит Шәача ақалақь аҟны. Иара иалахәын Урыстәыла, Аԥсны, Украина, Ҟазахсҭан, Беларуссиа рҟынтәи ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбльқәа.

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ахәыҷтәы коллектив "Аҷандара" Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы ҟазара аконкурс "ART Arena" аҟны аԥыжәара агеит, ианашьахеит Гран-при. Абри атәы ҳзааицҳаит Аҷандаратәи абжьаратә школ адиректор Валери Аҩӡба.

"Ҳакәашаратә ансамбль ҩынтәуп афестиваль аҽаланархәуеижьҭеи. Рыҩнтә раангьы Гран-при аанагоит. Даара агәахәара ҳарҭоит ҳхьыбҿар. Ари ҳара ҳадагьы Аԥсны зегь азы игәышьҭыхроуп", — иҳәоит Валери Аҩӡба.

Ахареограф Адгәыр Кәарҷелиа иҳәоит ансамбль ишынанагӡаз акәашарақәа ҩба.

Ахәыҷқәа Шәачаҟа рцаразы аԥара рзоунажьит Гәдоуҭа араион Ахадара. Ансамбль еиҿкаан быжьшықәса раԥхьа ақыҭа Ахада Витали Џьениа иаԥшьгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0