Кьылба: АГТРК аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз ахҭыс аганахьала аусҭҵаара амҩаԥысшьа атәы иҳәеит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба Sputnik иазеиҭеиҳәеит АГТРК аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз ахҭыс аганахьала аусҭҵаара амҩаԥысшьа атәы.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. АГТРК аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз ахҭыс иалахәызар ҟалоит аҽа хаҿқәакгьы иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба Адгәыр Корсантиа иаанкылара аганахьала Sputnik акорреспондент аинтервиу иҭо.

Кьылба иажәақәа рыла амчратә структурақәа аус аҭҵаара аганахьала ирылшо зегьы ҟарҵоит.

"Ҳара арахь иааҳаԥхьеит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи атәылауаа. Урҭ шаҳаҭцәак рыҳасабала аус иалахәуп", — иҳәеит Кьылба.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа жьҭаара 17, ашьыжь асааҭ быжьба рзы аԥжәара ҟалеит. АГТРК аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны.

Абҵара 5 рзы абри аус далахәуп ҳәа даанкылан Аԥсны атәылауаҩ Адгәыр Корсантиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0