Гагратәи аҟазаратә школ Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ихьӡ ахырҵеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аҟазаратә школ Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ихьӡ ахырҵеит
Гагратәи аҟазаратә школ Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ихьӡ ахырҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, адирижиор Баграт Багаҭелиа гагратәи аҟазаратә школ ихьӡ ахырҵеит.

ГАГРА, абҵарамза 8 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, адирижиор, ауаажәларратә усзуҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа, иахьа абҵара 8 рзы шықәсык ҵит ажәлар дҳаԥхеижьҭеи.

Аԥсны Жәлар рартист 50 шықәса напхгара ззиуаз, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" алахәцәеи араион акультура аусзуҩцәеи раԥшьгарала, Гагра араионтә Еизара адепутатцәа ахәбатәи ааԥхьара ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, иахьа Баграт Багаҭелиа ихьӡ ахырҵеит Гагратәи аҟазаратә школ.

"Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ихьӡ ззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Иара аԥсуа музыка аӡыргараҿы ааԥсара ду ибахьан Гагреи Гәдоуҭеи Аҟәеи Очамчыреи араионқәа рҟны. Араҟа иааӡеит ԥхьаҟа зыԥсҭазаара аҟазара иадызҳәалаз абиԥара ду", — иҳәеит Гагра араион акультура аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Габуниа.

Гагратәи аҟазаратә школ аиҳабы Белла Кокосқьериа лакәзар, еизаз зегьы агәра длыргеит, иахьа ирааӡо аҿар, рышкол зыхьӡ ахырҵаз Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ихьӡ ԥхьаҟа иго, илиххьаз аҟазаратә мҩа ишанымҵуа.

Иара убас, Баграт Багаҭелиа дахьынхоз аҩнаҟны иаартын агәалашәаратә ӷәы.

Иҩызцәа зегьы еицҿакны иазгәарҭеит, акырӡа ишырныруа иара иҟамзаара.

"Зырҿиаратә мҩа аамҭа хьанҭақәа раан ахы азыркыз акомпозитор, тәамҩахә ҟамҵакәа иаԥиҵуан иакымкәа иҩбамкәа ахортә еиҿкаарақәа. Аԥсҭазаара ҿыц риҭон ҳаԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа ашәақәа рылхуа. Баграт Багаҭелиа ииҩуаз амузыка хыҵхырҭас иаман ажәлар рфольклор. Аԥсны Жәлар рартист иҭынхаз архив, мал дуны иазынхоит аԥсуа культура", — ҳәа азгәарҭон, агәалашәаратә усмҩаԥгатә иаҭааз араион ахадара, адепутатцәа, акультура аҟәша аусзуҩцәа рхаҭарнакцәа.

Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа иаԥиҵахьан 300 инарзынаԥшуа ашәақәа, ахәыҷқәа рзы иаԥиҵахьаз 100 иреиҳауп.

Гагра араион аҟны, иара еиҿикаахьан, напхгарагьы риҭон ансамбльқәа "Аураашьа", "Мамзышьха", "Афырҭын", "Ԥсоу", "Цандрыԥшь", "Кьараз".

Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа наунагӡа ажәлар ргәалашәараҿы даанхоит дырҵаҩны, амилаҭ музыка аԥҵаҩи аиқәырхаҩи иакәны, дпатриот дуны.

Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа анышә дамадоуп иқыҭа гәаҟьа Оҭҳара.

Ажәабжьқәа зегьы
0