Надараиа: уаанӡатәи Ахада ихынҳәра ҟалом

© Sputnik / Томас ТхайцукГал араион Ахада Ҭимур Надараиа
Гал араион Ахада Ҭимур Надараиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысуеит атәыла Ахадеи ауаажәларреи реиԥылара.

АҞӘА, абҵара 10— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа имҩаԥысуеит атәыла Ахадеи ауаажәларреи реиԥылара. Аиԥылараҟны иқәгылаз аветерантә еиҿкаара "Аруаа" алахәыла, Гал араион Ахада Ҭимур Надараиа иҳәеит атәыла уаанӡатәи ахада ихынҳәра залшом ҳәа.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Александр Анқәаб ихынҳәра иалацәажәоит аинформациатә хархәагақәа рҿеиԥш асоциалтә ҳақәа рҟынгьы.

Надараиа иажәақәа рыла атәылаҿы иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра рыдуп анапхгара реиԥш аҭагылазаашьа шьақәызҟьар зҭахугьы.

Аиԥылара еиҿкаан атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иаԥшьгарала. Аиԥылара итема хаданы иҟоуп атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьеи уи аҭышәныртәаларазы анапхгареи аоппозициеи акахьы реицааира азҵаареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0