Афестиваль "Кунаки" Аҟәа имҩаԥысуеит

© Фото : Donald TongАфестиваль "Кунаки" Аҟәа имҩаԥысуеит
Афестиваль Кунаки Аҟәа имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акинои ателехәаԥшреи рзы Нхыҵ Кавказтәи иаарту афестиваль "Кунаки" аиҿкааратә комитет апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Владимир Бегунов. Афестиваль афильмқәа рбара алшоит Аҟәатәи ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 19 — 24 рзы, ҳәа рҳәоит афестиваль аиҿкааҩцәа.

"Кунаки" ҩынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны уи Аԥсны иҟан 2014 шықәса рзы.

"Сара сгәы иахәоит афестиваль атрадициа ҟазшьа ахьаанахәаз", — иҳәоит афестиваль аиҿкааратә комитет ахантәаҩы Владимир Занҭариа.

Афестиваль уаанӡа девизс иаман: "Разные лица, одна страна", уажәы — "Разные лица, одна судьба". Афестиваль аиҿкааҩцәа Рауль Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа иарҳәеит уи аҳәынҭқарратә ҳаракыра аманы иахьрыдыркылаз азы.

"Афестиваль ахь инагоуп 55 картина. Иарахьы инашьҭын Аԥсны ахьӡалагь азыҳәақәа ԥшьба. Афильмқәа руак, "Абхазский язык. Вчера. Сегодня. Завтра" (Манана Кәакәасқьырԥҳа лтәы) аконкурс иалалоит", иҳәоит аиҿкааҩцәа руаӡәк.

Сынтәа афестиваль шьақәгылоуп асахьаркыратәи зметраж кьаҿуи, аннимациатәи фильмқәа рноминациала.

Аԥсны акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа ишиҳәаз ала афестиваль аҟны идырбахоит аԥсуа режиссиорцәа ҿарацәа рфильмқәа ирылху апрограмма.

Имҩаԥгахоит астол гьежь "Кавказский дом на перекрестке глобализации".

"Астол гьежь мҩаԥысуеит абҵара 23 рзы", — лҳәоит афестиваль апрезидент Сулиета Кусова-Чухо.

Илиас Богатырев иеиҭеиҳәеит уажәы арежиссиорцәеи аԥснытәи ателерадиоеилахәырақәеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа шцо, афестиваль мҩаԥысуанаҵы афильмқәа ателехәаԥшрала иддырбаларц.

Афестиваль афильмқәа рбара алшоит Аҟәатәи ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 19 — 24 рзы ҳәа рҳәоит афестиваль аиҿкааҩцәа.

Ажиури ахантәаҩыс дҟалоит: Евгени Голынкин, ажиури иалахәхоит: Виачеслав Аблоҭиа, Мурат Джусоев, Касеи Хачегогу, Сергеи Куракин, Ефим Резников, Григори Гиберт.

Акинофестиваль "Кунаки" еиҿкаахеит 2007 шықәса рзы. 2014 шықәса рзы уи раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит.

Ажәабжьқәа зегьы
0