Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны ҷыдала ихьчо аҵакырақәа ҟалоит

© Sputnik Анжелика БенияРиҵатәи амилаҭтә парк
Риҵатәи амилаҭтә парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа рнапы аҵарыҩран иҟоуп ҷыдала ирыхьчо аҳәырԥсарратә ҭыԥқәа рзы Аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Владимир Бегунов. 2016 шықәса рзы Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа иахьаԥну иаԥҵахоит ҷыдала ихьчо аԥсабаратә ҵакырақәа.

Аԥсны Аҭҵаарадырра Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла аидеи аԥшьигеит Урыстәыла Аԥсабара аминистрра иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара аусхки аҳәынҭқарратә политикеи рдепартамент  адиректор ихаҭыԥуаҩ Всеволод Степаницки.

"Ашьхараҟны аҳәаа аалкааны  ақәныҟәара уадаҩуп. Адокумент иаус хаданы иҟоуп Кавказтәи ашьхеибаркыра наҟ-ааҟтәи аганқәа иахьрыҵаркуа ҷыдала ирыхьчоу аҵакырақәа раԥҵара. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҟны. Кавказтәи абиосфератә ҳәырԥсарреи рҟны ҭыԥк аҿы ирыхьчо аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи егьи аганахь ианиасуа ирымшьларц азы ауп ари аус зырҿио",  — иҳәеит Роман Дбар.

Уаанӡа Кавказтәи аҳәынҭқарратә биосфератә ҳәырԥсарра адиректор  Сергеи Шевелев ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵахьан аус адулара ишаҿу Аԥсни, Кавказтәи аҳәырԥсарреи, Ҭебердатәи аҳәырԥсарреи рыбжьара аԥстәқәа рзы атрансбжьысырҭа аԥҵаразы  Аиқәшаҳаҭра. Уи аиқәшаҳаҭра иалнаршоит аԥсабаратә ҵакырақәа рхылаԥшразы иаку асистема аԥҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0