Наала Ҳашыгԥҳа: атәыла аԥсаӡ хада Ахақәиҭра ашҭаҟны иқәыргылахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла аԥсаӡ хада Ахақәиҭра ашҭаҟны иқәыргылахоит
Атәыла аԥсаӡ хада Ахақәиҭра ашҭаҟны иқәыргылахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь амшныҳәақәа ирҭыԥ хаданы иҟалоит Ахақәиҭра ашҭа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын  8  – Sputnik, Роберт Џьопуа. Атәыла аԥсаӡ хада Ахақәиҭра ашҭаҟны иқәыргылахоит ҳәа ҳалҳәеит  аҳҭнықалақь акультура Аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.

"Ашықәс ҿыц иаԥхьанеиуа аусутәқәа рацәаӡоуп. Ҳара ҳалагахьеит аԥсаӡ аидкылара. Иара Ахақәиҭра ашҭаҟны иқәыргылахоит. Аԥсаӡқәа ҟалоит иара убас ақалақь араионқәа рҿгьы", — лҳәеит Ҳашыгԥҳа.

Наала Ҳашыгԥҳа лажәақәа рыла Аусбарҭа аҳҭнықалақь ауааԥсыра рзы иазнархиоит аныҳәатә программа ду.

"Апрограмма шьақәҳаргылахьеит. Ақалақь Ахада идаагалан, ишьақәирӷәӷәеит. Аныҳәамҩаԥгара хацыркхоит ԥхынҷкәын 25 инаркны, ихыркәшахоит ажьырныҳәа 7 рзы. Аԥсаӡ хадеи егьырҭ аԥсаӡқәеи рҿаԥхьа есыҽны имҩаԥыслоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа", — лҳәеит лара.

Ашықәс ҿыц ауха Ахақәиҭра ашҭаҟны аныҳәатә уснагӡатәқәа аартхоит асааҭ акы инаркны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0