Теона Етериа: аԥсаӡ азы ахәмаргақәа унапала иҟауҵар ҟалоит

© Sputnik Анжелика Бения Адизаинер Теона Етериа
Адизаинер Теона Етериа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩны арԥшӡарази аԥсаӡ азы ахәмаргақәеи унапала иҟауҵар ҟалоит, ҳәа лҳәоит адизаинер Теона Етериа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҩны арԥшӡарази аԥсаӡ азы ахәмаргақәеи унапала иҟауҵар ҟалоит ҳәа лҳәоит адизаинер Теона Етериа Sputnik аинтервиу аҭо.

"Иааухәо ахәмаргақәа рыдагьы унапала иҟауҵаша рацәоуп. Ух иаурхәаша аматериал маҷым. Иҟауҵогьы ҷыдахоит", — лҳәоит адизаинер.

Адизаинер Етериа иазгәалҭеит иааиуа ашықәс арбаӷь ҟаԥшь иашықәсны иахьыԥхьаӡоу инамаданы аԥсаӡ ацәыҟаԥшь ма ахьӡыркы ԥшшәхәқәа змоу ахәмаргақәа рыла ирхиазар бзиоуп ҳәа.

Адизаинер Теона Етериа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ус шакәугьы дасу ихатәы гьама имоуп. Иаҳҳәап, сара исгәаԥхоит акантри астиль. Уи инақәыршәаны ахәмаргақәа амҿи ақьаади ирылырхуеит. Аха уи иаанагаӡом зегьы еицеиԥшны иҟарҵароуп ҳәа аҳәара иашам", — лҳәоит лара.

Адизаинер Теона Етериа иара убасгьы илҳәоит аԥсаӡ алентақәа рылагьы арԥшӡара шалшо, аишәа акәзар еиуеиԥшым анапхьшьқәа рыла ишырԥшӡатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0