Бганба: амчреи аоппозициеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент аиҳабы Валери Бганба аҳәамҭа ҟаиҵеит анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аполитикатә проблемақәа зегьы Аконституциа амҩала рҭыԥ иқәҵахоит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Бганба имҩаԥигаз абрифинг аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аполитикатә проблемақәа зегьы Аконституциа амҩала рҭыԥ иқәҵахоит ҳәа.

"Аԥсны Ахада, Аоппозициатә мчқәа рблок иҟанаҵо ажәалагалала Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ деиҭоит. Иара убасгьы Аблок ахаҭарнакцәа атәыла Ахада идыргалараны иҟоуп Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ҩыџьа ркандидатурақәа", — иҳәеит Бганба.

Аблок ажәадгалала Апарламент ахь ицәыргахоит Апрокурор хада икандидатура. Апарламент акәзар иалнахуеит ацентртә алхратә комиссиа алахәылацәа ԥшьҩык.

"Аоппозициатә мчқәа рблок ахахьы иагоит иахьатәи атәыла Ахада заанаҵы инапынҵақәа рышьҭаҵаразы адҵақәа рықәмыргылара. Аоппозициа атәыла Ахада дықәгатәуп ҳәа адҵа ықәдыргылар, аиқәшаҳаҭра амчра ацәыӡуеит", — иҳәеит Бганба.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит: Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Апарламент аиҳабы Валери Бганба, Афонд «АԤРА» аиҳабы Аслан Бжьаниа, апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа, «Абзанхара» ахантәаҩы Нугзар Ашәба.

Валери Бганба иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра аконституциатә ҳәаақәа шамоу. Анапы зҵаҩу адокумент иазыԥхьагәанаҭоит амчра анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи хырхарҭақәа рнапынҵақәа реихшараз аконституциатә реформа ахыркәшара.

Ажәабжьқәа зегьы
0