Апедиатр хада: аҳақьымцәа разымхара ҳныԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы поликлиника
Ахәыҷтәы поликлиника - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны аус руеит аҳақьымцәа-апедиатрцәа 32-ҩык. Урҭ реиҳараҩык аҳҭнықалақь аҟноуп аус ахьыруа. Атәыла егьырҭ араионқәа рҟны аҳақьымцәа рыла азымхара ӷәӷәа ыҟоуп.

Аҳақьым Ольга Быковскаиеи Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апедиатр хада Ада Абыхәԥҳаи ҳкорреспондент Бадри Есиава изеиҭарҳәеит абри аганахь ала аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.

Ольга Быковскаиа Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа дааит 2009 шықәса рзы Твертәи аобласт аҟынтәи. Лыԥсшьара аамҭақәа рзы еибадырит лаԥхьаҟа илынасыԥхараны иҟаз Аԥснытәи арԥыси лареи.

Занааҭла Ольга неонатологуп, аха уи аганахьала аусурҭа ҭыԥ лмоуит. Убри азы лусуратә мҩа хацлыркит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы, ҳақьым-педиатрс. Иахьа лара хылаԥшра рзылуеит Алашарбага аҳаблаҟны инхо ахәыҷқәа, ҿыцирақәа инадыркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Хыԥхьаӡарала дара 800-ҩык рҟынӡа ыҟоуп.

Апедиатр лымш шоуп ҩбаны. Асааҭ 9:00 — 15:00 рзы Ольга аполиклиникаҟны ахәыҷқәа лыдылкылоит, амш аҩбатәи ахәҭазы, асааҭ хԥа инаркны хәбанӡа – аҩныҟақәа рахь днеиуеит.

"Аҟәа ақалақь еихшоуп 17 участка рыла. 15-ҩык аҳақьымцәа ҳаҟоуп. Сара амаҵ азызуеит Алашарбага араион. Иахьазы уаҟа инхоит 811-ҩык ахәыҷқәа. Анцәа иџьшьаны ҳхатәы транспорт ҳамоуп", — лҳәоит лара.

Ольга иазгәалҭоит аусура зырманшәало адиспансертә картақәа рыдагьы абарҭ аамҭақәа рзы дызҭаауа ахәыҷқәа рмедицинатә ҭагылазаашьа бзианы ишылҵахьоу.

Аҳақьым ааԥхьарыла мамзаргьы иара ус, апланыркра инақәыршәаны имҩаԥиго агәаҭарақәа хәыда-ԥсадоуп. Ус шакәугьы лара илҳәоит аҭаацәа ирылшо ала ирҭааз аҳақьым лџьабаа ахәԥса ашәара рыҽшазыркуа.

"Сара ахаангьы схы иаҭәасшьом аԥара сышәҭ ҳәа аҳәара. Ҳара ҳус наҳагӡоит, аха аҭаацәа "ҭабуп" ҳәа рҳәарц уҭахызар, мап узрыцәкуам", — лҳәеит лара.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апедиатр хада Ада Абыхәԥҳа илҳәоит ареспублика араионқәа зегьы рыҟны ишыҟоу аҳақьымцәа участка-цыԥхьаӡа: Аҟәа араиони Аҟәа ақалақьи рҟны – 15-ҩык, Гал араион аҟны – аӡәы, Гәдоуҭа араион аҟны — ԥшьҩык, Очамчыра араион аҟны – аӡәы, Тҟәарчал араион аҟны – аӡәы, Гәылрыԥшь араион аҟны – ҩыџьа, гагра араион аҟны – аа-ҩык.

"Аҳҭнықалақь аҟны азанаҭуаа рзы уадаҩра ыҟамзар, араионқәа рҟны ҳәарада аҳақьымцәа разымхара убартә иҟоуп", — лҳәоит Абыхәԥҳа.

Мчыбжьык ахь знык, Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҟны ареспублика араионқәа зегь рҟнытәи ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥыргоит акомплекстә гәаҭаразы.

Аԥсуа педиатриа иапроблема хаданы Абыхәԥҳа илшьоитареанимациатә маҵзурақәеи аинфикционистцәеи рыҟамзаара.

Аучастка амаҵ азызуа аҳақьымцәа-апедиатрцәа ируалу иреиуоуп апрофилактикатә усурақәа рымҩаԥгара, авкцинациа амҩаԥгара, ҿыц ииз ахәыҷқәа ргәаҭара.

Ахәыҷқәа, аиҳаракгьы ичмазаҩу ахәыҷқәа, аус рыдулара акыр иуадаҩуп. Ольга лажәақәа рыла дыҟам хәыҷык аҳақьым данихәаԥшуа бзиа избо.

"Хәыҷқәак рзы ахалаҭ шкәакәа зшәу аҳақьым лбара лаӷырӡуп изыдҳәало. Аҭаацәагьы ҳмыцхраар ада ԥсыхәа рымамкәа ианыҟалало ыҟоуп", — лҳәоит Быковскаиа.

Лара иаҳзеиҭалҳәеит жәашықәса рыҩныҵҟа хылаԥшра ззылуаз хәыҷык лыԥсҭазаара дшалҵыз. Ахәыҷы Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь дшыргазгьы – дыԥсит. Ольга лзы арии даара иуадаҩыз аамҭан. Уиижьҭеи хышықәса шцахьоугьы иахьагьы илызхаршҭуам.

Быковскаиа ишылҳәо ала лусураҟны еиҳа иуадаҩу ҳәа илшьо — аԥсихологиатә фактор ауп.

Лара лажәақәа рыла амедицинатә усзуҩы иуалԥшьоуп иахьатәи аамҭа ицәырнаго аҿыцрақәа зегьы рышьклаԥшра, ахы аус адулара, излалшо ала аҳәаанырцә аҟазара аизырҳаразы ацара.

Ажәабжьқәа зегьы
0