Дмитри Габелиа: ҳҳәынҭқарра ахьыӡгьы, ахьымӡӷгьы ҳара ҳоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Дмитри Габелиа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьазы игәаанагара ҳацеиҩишеит.

Аҧсуа ҳәынҭқарра ииашаҵәҟьаны ашьақәгылара амҩа ианылоит уи ахатәы идеологиа ақәныҟәара ианалагалак инаркны. Ахатәы идеологиа анаҳҳәа, ҳажәлар рхәыцшьеи, рҟазшьеи, рҵасқәеи, иааидкыланы рдунеихәаҧшышьа иақәшәо асистема ҳанашьҭамла, апроект Аҧсуа ҳәынҭқарра аҧсуаа ҳзы ахаангьы ақәҿиара амаиур ҟалоит.

Аха, уи аҧшаара, мамзаргьы аҿыц ахәыцра аҭахӡам. Ахаҭа ыҟоуп, ҳаҧхьа иҟаз абиҧарақәа еиқәырханы иахьанӡа иаҳзааргаз, даргьы рхы зларыхьчоз, ҳҳәынҭқарра аҧсы ҭакны изларкыз, рыҧсеиҧш ирзааигәаз, аха иахьа иҭацәызшәа, игәаҩахазшәа џьоукы иргәаладыршәо – Аҧсуара. Уи ахаан ҭабашьа амаӡам, иҭацәӡом, инҵәаӡом, ҳара ҳаҟанаҵ, ҳара ҳашьҭанаҵ, ҳара иахьынӡаҳҭаху. Амала, уи ҳазыгьежьны еиҭарҿиатәуп, насгьы аҳәынҭқарра аргылараҿы ахархәашьа ҳҵароуп.

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: акгьы ҳагӡам аидеологиатә хықәкыда

Ҳажәлар дара рхәыцшьахь иргьежьтәуп. Атәым, атәитәых ҟазшьа рызцәырнагоит. Атәым шрыдрымкыло, аус шамуа иахьа еиҳагьы еилфаҷа иаҳбарҭахеит. Ишҧаҟаҵатәу аҧсуа идеологиа аҧсуа ҳәынҭқарра амаҵ ауа? Уи ӡбашьас, мҩақәас иамоузеи? 

Раҧхьаӡа иргыланы, аӡәгьы имҳәааит Аҧсуара шьагәыҭс иамоу ахәыцрақәеи, уи еидкыланы измоу аҟазшьақәеи рыҩра иаҳзыҟамҵо усуп ҳәа. Ажәлар рыҧсҭазаараҿы иахьагьы, уаҵәгьы зда ҧсыхәа рымам рҵастә дунеихәаҧшышьа ахырхарҭақәа ҭҵааны, ихьыҧшым ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы имаҭәахәхаша ақьабзқәеи адоуҳатә нормақәеи закәанеидкылак аҳасабала иҩны, амилаҭ ҧхьаҟатәи рҭоурых арҿиараҿы рхы иадырхәаратәы аҭагылазаашьақәа рзаҧҵатәуп. Аҧсуа закәанеидкыла "Аҧсуара" азинтә ҳәынҭқарра аргылара иамыхәозар иаҧырхагахараны иҟаӡам, уи моу, дук хара имгакәа, аҿиараҿы ҽаҧарак ҧхьаҟа иҭнагоит. 

Иахьатәи ҳҭагылазаашьаҿы, ажәлар рҵастә-закәан гәакьақәа ирықәныҟәоит, азинтә ҳәынҭқарра ахатә закәанқәа ҩны урҭ ирыднагалоит. Араҟа иҟамлар ҟалаӡом аиҿагылара. Избанзар ажәлар акала ихәыцуеит, инхоит, аҳәынҭқарра даҽакы рыднагалоит.

Убри аҟнытә, аҳәанҭқарратә закәанқәа иахьауажәраанӡа аус руӡом, аҧсуа уаажәларра иацәтәымны иахьыҟалаз иахҟьаны. Дарбанызаалакгьы, дахьгылоу даанаҧшааҧшыр, ихаҭа агәра игоит ари азгәаҭа шаҟа апрактикаҿы аҭыҧ амоу. Уи ауаҩы ибарҭоуп ҳмилаҭ иахьатәи рыҧсҭазаара аганқәа зегьы рҿы.   

Ҳҳәынҭқарра аколонизациа азызуа атәым идиологиа иаҧсахуеит ҳзинтә системагьы, анаҩс ҳажәлар рхаҭагьы. Уи оуп азинтә ҳҳәынҭқарра асистема аҩныҵҟа иҟоу аибарххарақәа зыхҟьогьы. Ҳуааҧсыра рыҧсҭазаараҿы ирыцәтәыму аҧҟарақәа, азакәанқәа ирықәымныҟәар ада ҧсыхәа рымамкәа, рхатәы знеишьақәа ирцәыхарахеит. 

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Иахьа ҷыдала ҳажәеи ҳуси еимадазароуп

«Бла иабо хы иаҧсоуп» рҳәоит аҧсуаа, аха иахьа ҳабла иабо ҳхы ҭанархоит, иаарласны ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи еидызкыло аусумҭақәа реиқәыршәара, рҭыжьра, анаҩс урҭ рыла арҵара-ааӡара аус ҳаналамга. Уинахыс акәхоит аҳәынҭқарра анаҧхгара аҭаратә системагьы аиҭакра анҳалшо, асоциал-еканомикатә ҿиара апрограммақәа реиқәыршәарагьы аҵакы анаиуа.

Ажәакала, ҳхықәкы хаданы иқәыргылатәуп – ҳтәыла ауаажәларратә институтқәеи, афинастә-економикатә шьақәгылазаашьеи Аҧсуара аетикатә принципқәа рныҧшуа, русураҿы ирықәныҟәо рыҟаҵара. Иахьа еиҧш, уаҵәгьы, ҳхы нажьаажьо ҳнеилап, анаҩс џьара ак ҟалап, аӡә дҟалап ҳусқәа зыӡбо, изырҽеиуа ҳәа агәаанагара змоу дарбанызаалакгьы, ихы мацара ижьоит аҟароуп, уаҳа акгьы. Избанзар, иахьа иаҳзымӡбаз азҵаара, уаҵәы ӡбашьа амаиур алшоит, насгьы, уаҵәызны ҳхылҵтә биҧара ирыӡбап ҳәа ззаҳҳәо азҵаарақәа, уаҵәынӡа хыҧхьаӡарала раҟара рыцаҳҵоит.

Анаҩс, уаҵәтәи абиҧара аҟнытә иҳаур алшоит аҽҧныҳәа, уимоу аҿагылара ахаҭагьы – ҳлахьынҵа абас изшәыруадаҩзеи ҳәа… Урҭ ус рымҳәаргьы, ргәы иаанагалоит, рхы азырышьҭлоит, абиҧарақәа ҳаизыҟазаашьа ианыҧшлоит.

Ари агәаанагараҿы уаҵәынӡагьы ацара аҭахӡам, иахьагьы иубарҭоуп ҳаамҭазтәи абиҧара иқәдыргыло азҵаарақәа рхы ахьцо? Макьана, ҳара аибашьраҿы аиааира згаз абиҧара ҳаманаҵы иҳамоуп, аха уаҵәгьы, уаҵәашьҭахьгьы ус аӡәгьы изҳәаӡом… Аибашьра иаиааиз аиҳабацәа рнаҩстәи абиҧарагьы, ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы рылшарақәа рыла рхылҵ рҿаҧхьа аҳәатәы рымазароуп, арбатәы иашьҭазароуп. 

Издыруеит, сызлацәажәо ари атема шаҟа иҵаҕоу, шаҟа иуашәшәыроу, акәамаҵамақәагьы шамоу, аха апроблема ахаҭа шыҟоу мҳәакәа, изеиҧшроу ҳәашьа амаӡам, насгьы аӡбашьа амҩақәа рыҧшаашьагьы аиуӡом. Еснагь зҿы ҳақәҧало аҳәҳәага ахәы шаҳҿасуаз, ҳалахь амса ҟанаҵазар ҟалап, уи иҳанаҭо ахьаа гәаҳамҭо аҟынӡа ҳнеит. Уажәшьҭа ҳалахь иану ҷыдала ҳазымхәыцыр, ҳхы ҳҭамхәыцыр, иҳамбаӡакәоуп уи аҳәҳәага зегьы ҳаҳәҳәаны, ҳазлымҵуа мца қьоуқьадк ҳшаланажьуа. Аҳәҳәага ҳашзымаиааиуа агәра сшәыргар сҭахӡам аӡәгьы. 

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы
    

Хаҭала сзыцәшәо – ҳалахь иану амса еицәахар ҟалоит, ҳаблақәа ирхылаз амса…   

Ус акәу, арс акәу, иахьа ҳҭагылазаашьа ауадаҩра зыхҟьо астратегиатә хәыцра аҟамзаароуп. Даҽакала иуҳәозар, – хара амхәыцроуп ҧхьаҟа ҳазмышьҭуа. 

Ахи ашьапи еицәахаразаргьы, еимадоуп, еицныҟәароуп, агәы акәзар – аҧхьа игыланы ицалароуп. Аха рыцҳарас иҟалаз, хара ахәыцра иацәаашьо рацәаҩхеит, зхы зымакәачроугьы урҭ ираҟарахеит, иаанызкыло, рхы рзырдыруа, рнапынҵа реилзыркаауа, амҩа иқәызҵо анмаҷӡаха аамҭазы. 

Даҽазныкгьы шәахәаҧш ҳхатәыбызшәа ҳшазыҟоу… Шәааи аиаша еибаҳҳәап – имаҷума збызшәа зҭахым аҧсуаа?!.. Аҭакгьы шәара ижәдыруеит!.. Абызшәа мап анацәаҳкуа ҳхоуп иаҳҭахым. Избанзар, атәым еиҳа ишьҭаҳхит, атәым ҳалаҽырбеит, ҳара ҳан иҳалҭаз каҳажьит. Аӡәгьы игәы иаанамгааит, ҳхатәыбызшәа азҵаара уалбагак аҳасабала азнеира. Ииашаҵәҟьаны аӡбара ҳаналамга, иахьатәи уи аҭагылазаашьа анышәашьа ҳамаӡам. Уи ҟазҵашагьы аҳәынҭқарроуп. 

Зегьы раҧхьаӡа иргыланы, аҳәынҭқарра заҳҭаху ари адунеи аӡеибафара ҳаламӡуа ахеиқәырхаразоуп. Ҳбызшәа амырӡроуп, ҳхаҿра аицамкроуп. Ус анакәха, ахәыҷбаҳчақәа инадыркны, ашколқәа, анаҩс иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҟынӡа, ҳҿар ирылаҳааӡо иаӡбоит ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи алахьынҵагьы, аҧеиҧшгьы. Аҧсуа школқәа рхыҧхьаӡареи, иаҧсыуам ашколқәа рахь инаҳго аҧсуа хәыҷқәа рхыҧхьаӡареи ҳрызхәыцыр, иаҳбарҭахоит ҳажәлар уаҵәтәи рҧеиҧш дара ишыртәым!.. 

Абраҟагьы аус амуӡеит аҧсуа идеологиа! 

Уажәшьҭа ҳахәаҧшып хыҧхьаӡарала 80 нызқь еиҳам ҳажәлар рыҩныҵҟа шаҟаҩы арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рылаҽу, шаҟаҩы амҩатә машәырқәа рҿы иаҳцәыӡуа, шаҟаҩы ацәгьоурақәа шьцылара бааҧсны ишьҭыхны измоу… Урҭ рхыҧхьаӡарақәа еиҿҳарҧшуа ҳалагар ҳгәы кеибажьыр алшоит.

Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп

Убри аҟнытә, жәаҳәарада ҳнапы алаҳкыроуп урҭ ахыҧхьаӡарақәа ицәырырго ашәарҭарақәа раанкылара, раҧырҟәҟәаара. Убри азы раҧхьаӡа иргыланы, ҳаҟәыҵроуп ҳуааҧсыра рхәыцреи, рҟазшьеи, рдунеихәаҧшышьеи ирықәымшәо азакәанқәа атәымџьара рыхҩылаара, анаҩс урҭ маҭәахәу џьшьа Жәлар Реизараҿы адкылара.

Уажәшьҭа иаамҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит, шықәсы рацәала иҳадаҳкылахьоу азакәанқәа ҳуаажәларра рымаҵ шамуа аилкаара. Аҧсуа иҧсҭазаара иамоуп ахатәы закәанқәа, ахатәы знеишьақәа. Убарҭ ааидкыланы, азакәанҧҵара аҩаӡара аҟынӡа инаганы, аидеологиа аҳасабала ҳмилаҭ ирыдаҳгалаанӡа, ҳҳәынҭқарра аҿиара аиуӡом, еиҭа акыршықәса иҭагәҭаслоит.

Аҩызцәа, иаамҭоуп, уаанӡагьы иаамҭан, ҳажәлар знысхьоу аҭоурых агәылаҧшра, уаҟа иҟаз аиҵахарақәеи аихьӡарақәеи алкаа рзура. Избанзар, уи алкаа иаҳнаҭар алшоит уаҵәтәи ҳамҩа ахсаала. Уи ада, анахь уцар уан дысшьуеит, арахь уцар уаб дысшьуеит ҳәа "ажьа шкәакәа зкыз" иеиҧш иҟаҳҵара ҳақәымшәо ҳаанхоит. Ус акәымкәа, ҳазлоу анаҟә ҳалҵны, ҳҳәынҭқарразы лашарамҩак ҳаныларц ҳҭахызар,  Ҳаҧсуара шьаҭас ишьҭаҳхроуп. 

Аҩызцәа, ауаҩи ауаҩи реизыҟазаашьаҿоуп иахьалаго ажәлар реидкылара азҵаарагьы. Иаҳдыруеит, џьара агәынхара шыҟоу, даҽаџьара агәынамӡара, аилибамкаара, аха урҭқәа зегьы ҳхашҭроуп ҳмилаҭ рлахьынҵа азҵаараҿы. Дҵарауаҩума, дышәҟәыҩҩума, дчынуаҩума, дчаӡҩума, ҳажәлар хазына шьақәзыргыло зегьы – агәеихшәара шәаҟәыҵ, аҵәылеибахра шәхашәыршҭ. Ҳара ҳоуп ари азҵаараҿгьы ҳажәлар рыхьыӡгьы, рыхьымӡҕгьы!   

Ажәабжьқәа зегьы
0