Аоппозициаа рхаҭарнакцәа ААК (ЦИК) ахь иалырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукАоппозициаа рхаҭарнакцәа ААК (ЦИК) ахь иалырхит
Аоппозициаа рхаҭарнакцәа ААК (ЦИК) ахь иалырхит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоппозициаа рхаҭарнакцәа ԥшьҩык ААК (ЦИК) ахь иалырхит Апарламент аҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҩаша, ԥхынҷкәын 20 рзы аоппозициаа рхаҭарнакцәа ԥшьҩык ААК (ЦИК) ахь иалырхит Апарламент аҟны.

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба ишиҳәаз ала ААК (ЦИК) ахь аоппозициа ахаҭарнакцәа ралхра раԥхьатәи шьаҿоуп анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра анагӡаразы.

"Ҳара иахьа анапы зҵаҩхаз аиқәшаҳаҭра анагӡарахь раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵеит. Уи аҵак ду аманы иҟоуп ауаажәларра-политикатә кризиси ауаажәларра рыбжьара аибарххарақәеи рҭышәныртәалараз", — иҳәеит Бганба.

Апарламент адепутат Валери Агрба иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа 15-.ык алахәуп, урҭ рҟынтәи 7-ҩык атәыла Ахада иалихуеит, 8-ҩык адепутатцәа иалырхуеит ҳәа.

Аоппозициаа рхаҭарнакцәас алхратә комиссиа иалагалахеит: Гәдиса Агрба, Астамыр Ԥачалиа, Роман Гериа, Виачеслав Кәакәасқьыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0