Искандер аҵара ахьиҵоз ашкол ҽааны иаадыртуеит

© Sputnik Астанда АрдзинбаИскандер аҵара ахьиҵоз ашкол ҽааны иаадыртуеит
Искандер аҵара ахьиҵоз ашкол ҽааны иаадыртуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандери Иури Воронови аҵара ахьырҵоз ашкол №3 аремонт иаҿуп 2010 шықәса раахыс. Уа аҵара зҵоз ахәыҷқәа уажәы ашкол №2 ажәытә корпус ахь ииагоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 — Sputnik, Владимир Бегунов. 2017 шықәса, цәыббра 1 азы Иури Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №3 аҵаратә шықәс хнартуеит ҳәа ҳкорреспондент иаиҳәеит Аԥсны Аҵара аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы Инвер Чамагәуа.

Чамагәуа иажәақәа рыла ахыбра аремонт хыркәшахоит 2017 шықәса хәажәкырамзазы, аха акабинетқәа рзы аҩнымаҭәа адгалара, фымцала аиқәыршәара уҳәа аусутә маҷқәа ирыцҵахоит.

"Аремонт мҩаԥысуеижьҭеи фы-шықәса ҵуеит. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәак ыҟамызт, азы урҭ ииаргеит аҩбатәи ашкол ажәытә корпус ахь", — иҳәеит Чамагәуа.

Ашкол №3 – Аҟәа аҭоурыхтә хыбрақәа ируакуп. Араҟа аҵара рҵон Иури Воронов, Фазиль Искандер. Ашкол ашҭаҟноуп иахьҭыхыз афильм "Анасыԥ ԥшаахқәа раамҭа" аепизодқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0