Ансамбль "Кавказ" Кандид Ҭарба ихьӡ ахырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Кавказ"
Ансамбль Кавказ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кандид Ҭарба ихьӡ акамыршәразы иара еиҿикааз ансамбль "Кавказ" ихьӡ ахҵоуп.

АҞӘА, ԥхынҷәын 27 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Ақәҵара инақәыршәаны, Кандид Ҭарба ихьӡ акамыршәразы, иара еиҿикааз ансамбль "Кавказ" ихьӡ ахҵоуп. Абри атәы ҳкорреспондент илзаалыцҳаит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Аԥсны Акультура аминистрра адгылеит "Кавказ" аколлектив иҟанаҵаз азыҳәа. Ансамбль иахьагьы агострольтә ныҟәарақәеи еиуеиԥшым ақәгыларақәеи мҩаԥнагоит. Арҿиара амҩа иануп", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминистр лгәаанагарала Кандид Ҭарба ансамбль аԥҵарала аԥсуа кәльтура адунеи иалеирҵәон, иӡыригон.

"Кандид илшамҭақәа рыхәшьара уадаҩуп. Акыршықәса иара ансамбль амчала аԥсуа культура адунеи иалеирҵәон, иззымдыруаз идирдыруан. Ансамбль "Кавказ" еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны ауаа иднардырит Аԥсны аӡбахә", — лҳәеит лара.

Ансамбль "Кавказ" адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба иазгәеиҭеит Кандид изы ансамбль ԥхьаҟагьы аҿиара аманы аҟазаара акырӡа шаҵанакуаз, ишиҭахыз.

"Сара агәра згоит ансамбль ԥхьаҟагьы еицырдыруа ишыҿио. Ҭабуп ҳәа расҳәоит иара Кандид ихьӡ ахьахырҵаз. Кандид иԥсҭазаара абжа уи иазкын", — иҳәеит Арвелод Ҭарба.

Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарба. - Sputnik Аҧсны
Акәашара иацуп мцаԥшь ҷыдак

Кандид Ҭарба кәашаҩык иаҳасабала, Аԥсынтәи Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" анапхгаҩыс даныҟаз дызлахәхахьаз афестивальқәа, аныҳәақәа, аиԥыларақәа хыԥхьаӡара рымаӡамызт. Иара ианашьан ҵҩа змам аҳамҭақәа, адипломқәа, амедалқәа.

Аҳамҭа ҳаракқәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ахьӡала аорден занашьоу Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарба аԥсуа шықәсынҵырала уахәаԥшуазар ихыҵыз рацәам – 72 шықәсагьы цқьа изынамгӡеит. Аха ари аамҭа ҟазак кәашаҩык иаҳасабала иҭаигӡаз даараӡа ирацәоуп. Иара иқәиргылаз акәашарақәа рахьынтә ихаҭа еиҳа иаликаауан: "Аԥсуа кәашара", "Ауаԥсаа трыкәашара", "Алирикатә кәашара", "Ашьхаруаа рыкәашара". Ансамбль "Кавказ" ҟалеит Нхыҵ-Кавказтәи ҳаиашьаратә республикақәа еидызкыло культуратә хыҵхырҭаны. Ахьӡ шьҭыҵуан, амҽхак еиҳа-еиҳа иҭбаахон. Агострольқәа рҳәаақәа еиҵыҵуан. Дара рылахәын хыԥхьаӡара рацәала афестивальқәа аконкурсқәа. Ирлас-ырласны ицон Нхыҵ-Кавказҟа. Уаҟа аныҳәақәа, афестивальқәа рыҽрыладырхәуан. Иқәгылахьан Москва Чаиковски ихьӡ зху азал ду аҟны. 2003 шықәса азын ансамбль "Кавказ" алахәын Санкт-Петербург 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа ду. Иара убас "Кавказ" алахәын афестиваль ду "Мир Кавказу". кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса лаҵарамза 1 азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0