Ҳгәалашәараҿы инхаз Ашықәс Ҿыц

© Sputnik / Томас ТхайцукНовогодние игрушки Илоны Жиба
Новогодние игрушки Илоны Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс Ҿыц – доусы игәыӷрақәа здиҳәалоу ныҳәоуп, 365 мши ҵхи иазыԥшуп ахәыҷқәа. Ҳара адуцәа ҳакәзаргьы, ҳгәаҵаҿы иҭоуп, зны анашанеи агәырӷьареи ацны, даҽазны инагӡамхаз ҳгәыӷрақәа аманы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Исгәалашәоит ҳаныхәыҷыз аныҳәа анааигәахалак, Аҵаа Бабаду иахь асалам шәҟәқәа аҩра ҳшалагоз, ҳгәы ззыҳәоз ҳзеилаҳауаз аҳамҭақәа ҳзааигарц ҳиҳәон.

Иахьатәи 21-тәи ашәышықәса иалиааз ахәыҷқәа реиҳараҩык, ибзианы ирдыруеит Аҵаа Бабдуи Асҭыԥҳаи алакә хаҿсахьақәа шракәу, аха зегь акоуп, ҷыдала агәрагара рзаадырԥшуеит.

Дарбанзаалак, игәалашәараҿы инхоит, еиҳа игәы аҵанӡа инеиз ахҭыс. Сара сзыҿцәажәоз ракәзаргьы, еиҭарҳәеит Ашықәс Ҿыц иадҳәаланы рхәыҷра аахыс ргәаҵа иҭоу. Урҭ реиҳараҩык ргәы иҭаҵәахыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз изԥылаз Ашықәс Ҿыц акәхеит.

Главная новогодняя ёлка города Севастополя - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ашықәс ҿыц иаԥылоит

"Ашықәс Ҿыц доусы анашана изацуп, еиҳараӡак ахәыҷқәа. Ԥшьба-хәба шықәса анысхыҵуаз, аныҳәа ауха ашәхымс аҟны смагәқәа сыргылон. Ашьыжь уаҟа аҳамҭа ҭаҵәахын. Усҟан иабаздыруаз, уи сҭаацәа роуп ҳәа.

Исгәалашәоит, зны, сашьеи сареи ашьыжь шаанӡа ҳгыланы амагәқәа рахь ҳаибарыҩуа ҳашдәықәлаз. Ҳнапы анҳархха, иаҳбеит иҭацәны ишыҟаз, уи даара ихьааҳгеит, Аҵаа Бабаду ҳизгәааит. Ианҳазҳа еилаҳкааит, уи ашықәсан ҳамҭада ҳзаанхаз. Ҳара ҳаԥылон 1993-тәи шықәс. Усҟан Аԥсны ашьаарҵәыра иҭагылан. Аҵаа Бабаду длакәтә хаҿсахьамзаргьы, аԥсуа хәыҷқәа рышҟа аашьа имамызт", — абас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ашықәс Ҿыц изыннажьыз агәалашәара далацәажәеит Ҭеимыр Ақаҩба.

Ауааԥсыра ирхамышҭуа ахҭысқәа, дара рзы ахә ҳаракуп. Уи ианалацәажәогьы, ргәы хыҭ-хыҭуеит.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз, 14 шықәса ракун исхыҵуаз. Аамҭа хьанҭақәа рныруан аҭаацәарақәа зегьы. Аха ус егьа иҟазаргьы, Ашықәс Ҿыц аныҳәа ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалон. Исгәалашәоит, сан излалылшоз ала, ахәыҷқәа ҳрыцҳашьаны аишәа архиара даналага, даараӡа игәхьаазгоз, сзеилаҳауаз асалаҭ "Оливье" афҩы ансаҳа сышгәырӷьаз. Уи ауха, Урыстәыла ателехәаԥшрала аныҳәатә программа ҟалараны иҟан. Аха цас ауашәа ҳтелевизор абжьы цеит. Нас ҳаалаган, ажәытә цәыраҳгеит, уи иунарбаӡомызт, аха абжьы аман. Аҩ-телевизорк, акы асахьа узырбози егьи абжьы зхази ааиваргыланы ахәаԥшра ҳалагеит. Уи аахижьҭеи 24 шықәса ҵит, аха сара иацтәи амш еиԥш ауп ишысгәалашәо уи", — еиҭеиҳәеит Русҭам Дбар.

Хаҭала саргьы сгәалашәараҿы инхаз ахҭыс, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ҳазԥылоз Ашықәс Ҿыц иадҳәалоуп. Есышықәса, аныҳәа ҳанаԥылоз, сан ахәмарга ҿыцқәа аалхәон, аха аибашьраан уи аха змадаз. Усҟан аԥсаӡ аҭыԥан адаԥа амахә ҳазгылан. Излаҳҩычоз ахәмаргақәа ракәзар, реиҳарак ҳацәԥҽхьан. Иҳамаз ахәыҷы аацәырганы абамбеи дареи еицырхырааны адаԥа амахә ҳархиеит. Ашықәс Ҿыц аԥсаӡ символс иамоуп, аха сара ҷыдала сгәы азыбылуеит адаԥа. Избанзар, усҟан игәнызгоз, сгәы сзырхьоз аамҭа, сани сареи ҳнапала иаҳҩычаз адаԥа иарлашон.

Ашықәсҿыцазтәи астол. - Sputnik Аҧсны
Лубиа Зарандиаԥҳа Ашықәс ҿыц ажәытәан ишаԥылоз еиҭалҳәеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ахәыҷра аамҭа иҭагылаз, Ашықәс Ҿыц иадҳәаланы ишәгәалашәои ҳәа уразҵаар, рхәыцрақәа иаразнак игьежьуеит 1993 шықәс ахь. Уи уамашәа ибатәым, аибашьра ашьҭа ишәахсҭаны ҳагәқәа рҟны инхалеит.

"Аибашьра ианалага бжьышықәса схыҵуан. Уи аԥхьаҟа Ашықәс Ҿыц аназгәаҳҭоз, ҳаб аҭуан иаҵасуаз аԥсаӡи ахаатәқәеи ҳзааигон. 1993 шықәса ҳанаԥылоз агәалаҟазаара бзиа сымамызт. Избанзар, сани саҳәшьцәа еиҳабацәеи санрыхәаԥшуаз, рылахь еиқәын, уи сара сахьгьы ииасуан. Ауха, асы рацәаны илеит, алашара ҳамамызт. Сан акәты лшьын, абысҭа уны аишәа лырхиеит. Хымԥада, ахаа ҳаилаҳауан, аха афатә хаақәа ракәым ашьақаргьы ҳамамызт. Мышқәак рышьҭахь, алашара аныҟала, ателербагала ҳахәаԥшуан, ауаа гәырӷьаҵәа Ашықәс Ҿыц ишаԥылоз, уи анызба, сара аҵәыуара салагеит", — илгәалалыршәоит Оксана Заде.

Арҭ агәалашәарақәа наӡаӡа ҳгәаҵаҿы инхоит. Дара иаҳдырҵеит ацәгьеи абзиеи аиларгара. Иахьа изызҳауа аҿар рзы, Ашықәс Ҿыц зырхәашьуа акагьы ыҟам. Уи иразҟы дууп ҳәа исыԥхьаӡоит.

Иааиуа 2017 шықәса рыдныҳәало, Аԥсны иқәынхо зегьы ирзеиӷьасшьоит агәыцқьара, апату еиқәҵара, доусы рыԥсҭазаара беиазааит илахҿыху исахьарку ахҭысқәа рыла.

Ҽаанбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0