Ҳаџьымба: Аоппозициа ахаҭарнакцәа русура алҵшәа бзиақәа аадырԥшып ҳәа ҳгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ирызкны апресс-конференциа мҩаԥигеит

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ирызкны апресс-конференциа мҩаԥигеит. Апресс-конференциаҟны атәыла Ахада иҳәеит дышгәыӷуа анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь инагахо аоппозициаа рхаҭарнакцәа Аԥсны апроблемақәа рыӡбраҟны алагала ду ҟарҵап ҳәа.

"Ҳнапы зҵааҩыз ашәҟәы аҵакы рацәаны иамоуп. Иара ҳнапы аҵааҩит аиҿагылара амҩа ҳаныҵырц. Акыр агәыӷра сымоуп анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь инагахо аоппозициаа рхаҭарнакцәа Аԥсны апроблемақәа рыӡбраҟны алагала ду ҟарҵап ҳәа, азакәан иқәныҟәаны русқәа мҩаԥыргалап ҳәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ԥхынҷкәын 19 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны анапы аҵаҩын атәылаҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа конституциатә мҩала аҭыԥ ақәҵара алзыршаз аиқәшаҳаҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0