ТУ-154 аԥшаараз авиациа ахархәара иаҟәыҵуеит

© Sputnik Роберт ДжопуаТУ-154 аԥшаараз авиациа ахархәара иаҟәыҵуеит
ТУ-154 аԥшаараз авиациа ахархәара иаҟәыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи акваториаҿы аҳаирплан ТУ-154 аԥшаараҿы авиациа ахархәара иаҟәыҵит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи акваториаҿы аҳаирплан ТУ-154 аԥшаараҿы авиациа ахархәара иаҟәыҵит. Абри атәы ҳкорреспондент изааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

"Гагратәи акваториаҿы аԥшаарақәа аԥшьбатәи рымш азы уаанӡеиԥ инарҭбааны имҩаԥаагом, избанзар аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны авиациа ахархәара ауам. Макьаназы амшын аҟәара иахьаҵанакуа ауп аԥшаарақәа ахьымҩаԥааго. Иалшоны иҟалар аӷба маҷқәа ҳхы иаҳархәоит", — иҳәеит Делибалтиан.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аусурақәа ахәҭаны иахьынӡаҟоу рымҩаԥгара шаанкыламхо.

Урыстәылатәи аԥшааҩцәа амшын иҭыргеит "аиашьык еиқәаҵәақәа" ҩба. Урҭ Ацентртә наука-ҭҵааратә институт аҟны аус рыдулара иаҿуп.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы иҭахаз аҳаирплан ТУ-154 аекипаж рыдагьы иҭан адирежиор Валери Халилов напхгара зиҭоз Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи, агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор Елизавета Глинка. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аҳаирплан иҭан 92-ҩык ауааԥсыра. Авиакотострофа аҭҵааразы аиҳабыратә комиссиа аԥҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0