Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуаҟа ицаны иҟоуп. Аделегациа иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik. Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуаҟа ицаны иҟоуп. Аделегациа иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

"Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә делегациа Никарагуаҟа ицаны иҟоуп. Аделегациа иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа Мадина Зыхәԥҳа, Ҭенгиз Ҭарба, Сариа Џьопуаԥҳа. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп еиуеиԥшым аиԥыларақәа", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Хынтәуп Даниель Ортега Никарагуа апрезидентс далырхуеижьҭеи.

99,8% абыжьқәа рыԥхьаӡараан ишьақәыргылан 72,5% алхыҩцәа Даниель Ортего ибжьы ширҭаз, иаанхаз 15% рыбжьы ирҭеит Максимино Родригес. Амаҵзура иаԥхьаӡоит апрезидент ихаҭыԥуаҩыс дҟалоит ҳәа Даниель Ортего иԥшәмаԥҳәыс Росарио Мурильо.

Ажәабжьқәа зегьы
0