Аԥстәқәа рыхьчаҩ: аԥстәқәа ҭынхадахоит ауаа рхарала

© Sputnik, Томас ТхайцукКарина Колпакчиан
Карина Колпакчиан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ираԥхьатәиу иҩныдоу аԥстәқәа рзы ахкыдкыларҭа аргылара апроект анагӡара шцо аус атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыхьчара афонд "Агәыӷра" ацшьаҭаркыҩ Карина Колпакчиан.

Аԥстәқәа рыхьчара афонд "Агәыӷра" ацшьаҭаркҩы Карина Колпакчиан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыхьчаразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.

— Карина, акрааҵуеит шәара иҟьалоу аԥстәқәа рыхьчара аус шәазхьаԥшижьҭеи, ахкыдкыларҭа аргылара апроект аус адыжәулеит. Ишԥалагеи абри аганахь ала шәусура?

— Сара аԥстәқәа схәыҷаахыс бзиа избон. Ирацәаҩуп агумантә акциақәа зхы рылазырхәыр зҭахны иҟоу ауаа. Уаанӡа сгәы иаанагомызт усеиԥш ауаа рацәа ҳадҵаало, иҳавагыло иалагоит ҳәа. Дасу илшо ала ацхыраара ҳаиҭоит. Аиҳарак асеиԥш иҟоу ҳаидызкылаз Facebook ауп. Уаанӡа ҳара зегьы хаз-хазы ҳааигәа-сигәа иҟаз алақәа роума, ацыгәқәа роума акрырҿаҳҵон, ҳархылаԥшуан. Сара лассы-лассы сҩыза Кристина илзеиҭасҳәалон схәыҷаахыс иҭынхадаха, иҟьалаха иныҟәо аԥстәқәа рзы хкыдкыларҭак аартра шысҭаху. "Избан аԥстәқәа рзы ахкыдкыларҭа аартра зыбҭаху, ауаа рзы акәымкәа?", ҳәа иансазҵаалак, исҳәон: ауаа ирҭаху рҿы иадырҳәартә алшара рымоуп, рхы иахәаргьы рылшоит, аԥстәқәа усеиԥш иҟоу иалхәдоуп ҳәа. Аха абри сыгәҭакы насыгӡо сҟалап ҳәа сыҟамызт. Аамҭақәак ааҵхьаны сҩыза исыдылгалеит афонд аартра аидеиа. Ҳәарада уи сара сеигәырӷьаны исыдыскылеит. Ҩы-шықәса раԥхьа афонд аҭаҩра аҳҭеит.

— Ишыжәдыруеиԥш ҳара ҳҟны аамҭа-аамҭала иҟьалоу алақәа рышьра мҩаԥыргоит. Шәара шә-Фонд уи ишԥахәаԥшуеи?

— Раԥхьа иргыланы ҳара аԥстәқәа ррыцҳашьара ҳалоуп. Уаанӡа алақәа рышьра аамҭа-аамҭала имҩаԥыргозар, насгьы аиҳарак уахынла акәзар, уажәы хәыҷи-дуи ирбо ианыршьуагьы ыҟоуп. Ҳара иҳаӡбеит абри аус агәыгәҭажьра амҭакәа ихәарҭоу џьара акы ҟаҳҵарц. Ҳаамҭазы ацивилизациатә тәылақәа рҟны аԥстәқәа рышьра мап ацәыркхьеит. Ҳара ҳҟны ес-мза ари аус мҩаԥысуеит. Иара убри аан иуҳәар алшоит лҵшәа дукгьы аанагом ҳәа. Ҳаргьы иаҳҭахуп ҳҳәынҭқарра аҳаракыра аманы иҟазарц. Европа, ибнатәиума, иҩнытәиума аԥстәы ахәышәтәразы ахәышәтәырҭахь иназгаз иумҭазы аԥаратә гәазыҟаҵара ирҭоит. Дхәыҷаахыс агәыҳалалра злааӡоу ауаҩы дандухалакгьы уи аҟазшьа шилоу иаанхоит. Ахәыҷы, аханатәгьы ала, ацгәы, аԥсаатә уҳәа шыршьуа зылала избо, иарбанызаалак апроблема шьрала иуӡбар алшоит ҳәа иԥхьаӡо изҳар алшоит.

—Шәфонд иарбан материалтә лшарақәоу иаманы иҟоу?

— Ҳара иҳаӡбеит аԥстәқәа рзы ахкыдкыларҭа ҟаҳҵаанӡа аԥареизгара мҩаԥаҳамгарц. Иахьазы иҟаҳҵо зегьы ҳхатәы лшарақәа роуп изхылҿиаауа.

— Ахкыдкыларҭа ахыбра аргылараза адгьыл шәоухьеит. Ԥхьаҟатәи шәыпланқәа зеиԥшроузеи?

— Аҭагылазаашьа схы иархәаны Аҟәа араион Ахада Беслан Аҩӡба иасҳәар сҭахуп иҭабуп ҳәа, иҳаиҭаз адгыларазы. Уажәшьҭа ауаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ишрылшо ала ацхыраара ҳарҭарц: ԥарала, ргыларатә материалла. Аргылара аԥаразоужьра рацәаны иаҭахуп, аамҭа аҭахуп. Иара убри аангьы аԥстәы ҟьалақәа шьаҭанкыла аҭыԥ рыҭара уадаҩуп. Убри аганахь ала ҳзыҿцәажәаз Европатәии Урыстәылатәии аспециалистцәа ирҳәоит усеиԥш шзалымшо. Оумашәа ибаны усеиԥш шԥаҟало ҳәа ҳанразҵаа ирҳәеит: аԥстәқәа иахьыҟоу аҵакырақәа рыхьчоит, иаҳҳәап ала, ацгәа ахьыҟоу аҳәынаԥ, амаҭ уҳәа зыҟалаӡом ҳәа. Иаҳзеиҭарҳәеит абасеиԥшгьы ҭоурыхк: германиатәи қалақьк аҟны аԥстәы ҟьалақәа ахкыдкыларҭахь ианырга, ақалақь аҿы ицәырҵит ҵҩа змамыз аҳәынаԥи амаҭқәеи ҳәа. Зегь раасҭа иманшәалоу усны иушьар алшоит аԥстәқәа раҟәаны, агәлаҵа рылаҵаны, амедицинатә цхыраара рыҭаны, ахәыдхаҵа ҷыда рхаҵаны роушьҭра. Ахәыдхаҵа зхоу аԥстәы збо еилыркаауеит аԥстәы шәарҭара шалам.

Ажәабжьқәа зегьы
0