Ацхырааҩ ацхыраара иҭахуп

© Фото : Алан ВоубаФат Смыр
Фат Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русзуҩ, апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" алахәыла Фат Смыр ахирургиатә операциа изура арыцхә шьақәыргылахоит.

Sputnik, Роберт Џьопуа

Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" анапхгаҩы Ҭенгьиз Ҭарба асоциалтә ҳаҟны идаҟьаҿы  аԥхьаҩцәа ирзеиҭеиҳәеит апроект алахәыла Фат Смыр ацхыраара шиҭаху, ааԥхьарагьы ҟаиҵеит  афинанстә цхыраара аҟаҵаразы.

Уахыки-ҽнаки рыла еизган иаҭахны иҟоу ахыԥхьаӡара абжеиҳара. Фат Смыр Аԥсны Аԥагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҟны аус иуеит жәашықәса инарзынаԥшуа. Шамахамзар аминистрра имҩаԥнагоз аԥшаарақәа зегьы дрылахәын. "Ишьхатәылоу Аԥсны" аекспедициақәа зегьы дрылахәын.

Апроект амҩаԥгараан Фат Смыри аҳақьым Алхас Аџьынџьали еибадырит.

"Фат ипрофессионалтә усура иалҵшәахеит иахьатәи иҭагылазаашьа. Абӷашшара агрыжа ирацәаҩуп измоу. Аха уи аҭагылазаашьа еиуеиԥшымкәа иҟалалоит. Фат ибӷа ахәыршы иаиуа ақәыӷәӷәара ишьапқәа изеиҭамго иҟанаҵоит. Дхымхәахоит. Ишалшо ала иаарласны аоперациа иҭахны дыҟоуп" — иҳәеит Аџьынџьал.

Ҵыԥх, Агәабзиарахьчара аминистрра алшарала Фат Краснодартәи атәылаҿацәтә медицинатә центр аҟны дышьҭан, аха аопреациа ҟаҵамызт, ус ихьаа хҽын ауп. Аоперациа акәзар аԥара рацәа зҭаху  акакәны иҟоуп. 

"Аоперациа амҩаԥгара алшоит иара Краснодартәи ацентр аҿгьы. Ихадоу усны иҟоу акыр зыхә дуу аметалл иалху аконструкциақәа роуп. Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирықәшәо 3D иҟоу аконструкциа уԥсахьынӡаҭоу иныҟәугалар ауп" — иҳәоит ахирург.

Иахәҭоу аԥара анеизыргалак ашьҭахь дааԥхьахоит аҟаза. Уи илшоит аимплантант абӷашшара аҭаргылара. 

 Фат Смыр иӡбахә зҳәо зегьы ибзарӡоуп ирҳәо. Аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иазгәеиҭоит Фат Смыр иналукааша ҟазаны дшыҟоу иус аганахь ала. 

"Иара дрылахәын реиҳа иуадаҩыз  аиқәырхаратә уснагӡатәқәа.изныкымкәа ауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәирхахьан" — иҳәоит Делибалтиан. 

Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" алахәыла Наста Агрԥҳа илҳәоит Фат Смыр Ернест Хемингуеи ифырхацәа дышрыдылкылоз.

"Фат Смыр дреиуан апроект аԥхьатәи алахәылацәа. Ахыҵхырҭаҟны иҟаз дыруаӡәкын. Изныкымкәа аныҟәарақәа рахь ҳаиццахьан. Фат еиԥш зеиԥшу ауаҩы дмаҷуп. Дҩыза иашоуп. Зажәеи зуси еимадоу уаҩуп" — лҳәоит Наста.

Алхас Аџьынџьал иакәзар Фат ашьхауаҩыҵәҟьа иоуп ҳәа изиҳәоит.

"Фат ахааназ имашшуа уаҩуп. Ибжьы мыргаӡакәа ихьаақәа ихигоит" — иҳәоит иара.

Ахирург иажәақәа рыла иаарласны ишьақәыргылахароуп аоперациа аныҟарҵо амш арыцхә.

Ажәабжьқәа зегьы
0