Россотрудничество Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ацхыраара рнаҭоит

© Sputnik / Evgenya NovozheninaАстудентцәа
Астудентцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Россатрудничество ауснагӡатә хацнаркит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рыбжьара алхрақәа рымҩаԥгаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аквотақәа роуразы заанаҵ аҽҭаҩра аҭахуп асаит RUSSIA.STUDY аҟны иҳәеит Россотрудничество Ахаҭарнакра аконсультант Дмитри Кононов.

"Аҽҭаҩреи аелектронтә форма ахарҭәаареи рышьҭахь акандидат изыҳәа еиҿкаахоит. Изҭаху зегьы ирылшоит аҩны идәылымҵыкәа аҽҭаҩра апроцедура иахысыр. Асаит ҷыдала иаԥҵоуп адокументқәа електронтә формала реизгара апроцесс аиҿкааразы", — иҳәеит Кононов.

Иара иажәақәа рыла RUSSIA.STUDY иалнаршоит иманшәалоу аформала акандидат ианкета ахарҭәаара. Азанааҭ алхреи аҵараиурҭа алхреи мҩаԥысуеит аинформациа-аналитикатә портал Russia-edu.ru аҿы.

"Хаҭала аҽҭаҩра акы иахҟьаны изалмыршахозар, ҳусуҩцәа аконсультациатә цхыраара ҟарҵоит. Убри азы Ахаҭарнакра аофис аҟны еиҿкаауп аусуратә ҭыԥ", — иҳәеит  Дмитри Кононов. 

Россатрудничество Ахаҭарнакра Аҟәа иаатит ԥхынҷкәын 18  2009 шықәса рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0