Родион Ҭаркьыл 90 шықәса ихыҵит

© Фото : из личного архива семьи ТаркилРодион Ҭаркьыл 90 шықәса ихыҵит (арымарахь ала ахԥатәи)
Родион Ҭаркьыл 90 шықәса ихыҵит (арымарахь ала ахԥатәи) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Родион Ҭаркьыл, СССР зҽаԥсазтәыз аԥырҩы, диит 90 шықәса раԥхьа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Родион Ҭаркьыл Улиановсктәи аграждантә авиациа аинститут доушьҭымҭоуп. Аинститут даналга ашьҭахь, 1949 шықәсанӡа иара убри ақалақь аҟны дынхон, аусгьы иуан. Нас, Радион иӡбит иԥсҭазаара Аԥсны аграждантә авиациа иадиҳәаларц.

"Родион Ҭаркьыл дқәыԥшӡан Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз. Аибашьрааҿы дҭахеит иашьа гәакьа. Иара убасҟан ауп ианиӡбаз аԥырҩы изанааҭ алихырц", ҳәа еиҭеиҳәоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум" адиректор хада Виачеслав Ешба.

Аԥсныҟа даниас Родион хаз игаз аҟәатәи аескадрилиаҿ аԥырра далагоит.

"Иара еиуеиԥшым аҳаирпланқәа рыла дԥыруан. Аҵыхәтәантәи иаамҭазы ареактивтә ҳаирплан ТУ-134"акомандирс дыҟан", иҳәоит Ешба.

Родион иааӡамҭацәа рацәаҩын. Аиҳаракгьы ақыҭа иалҵыз рымҩа ааиртуан. Иара зегьы ҳаҭырқәҵарыла дрызныҟәон.

Родион иҵаҩцәагьы иара иеиԥш ажәҩан ҵыԥссаауа иалазаарын, аха аамҭақәак рзы СССР хыбгалеит.

Аԥырра ауадаҩра злоу заанаҭуп иҳәоит Ешба.

"Родион Ҭаркьыл иааӡамҭацәа зегьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, рлагала дууп. Родион еснагь аиҿкаара бзиа ибон. Иус гәыкала дазнеиуан", — иҳәоит Виачеслав Ешба.

Иури Латариа Родион акраамҭа аус ициуан.

"Хаҭа-хаҭала иазыҟаиҵоз зегьы дрыцԥыруан. Иҟарҵаша реиҳәон", — иҳәеит Латариа.

1982 шықәса рзы атәанчарахьы ицаз Родион Ҭаркьыл акраамҭа аԥсшьарҭа ҩны "Бабушера" напхгара аиҭон.

Ажәабжьқәа зегьы
0