Инна Ҳашԥҳа: Рушьбеи Смыр ирҿиара ахәыҷқәа акыр ирзааигәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнна Хашба
Инна Хашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа анашьараз иқәыргылоу алитературатә рҿиамҭақәа ԥшьба рахьынтә жәабран 9 рзы иалкаахоит уи аҳамҭа аиура иаԥсахо.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рушьбеи Смыр ирҿиара ахәыҷқәа акыр ирзааигәоуп, лҳәеит апоет, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Инна Ҳашԥҳа Таиф Аџьба ипремиа аиуразы иқәгылоу Рушьбеи Смыр иеизга "Аҵыс иаҵәа" дахцәажәо.

"Рушьбеи Смыр убриаҟара ахәыҷқәа дырзааигәоуп, ихаҭа дыузымдыруазар абриаҟара ахәыҷқәа рҟазшьеи рцәаҩеи абриаҟара дырзааигәаны изҳәо дарбану ҳәа ухы уазҵаауеит. Ахәыҷы ампыл иазку ажәа аниаҳауа уи абжьгьы иаҳауеит, апоет ибызшәа даара иласуп, имариоуп", — азгәалҭеит Ҳашԥҳа.

Ахәыҷқәа рбызшәа арҿиара аҿгьы Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа акыр хәарҭара рылоуп.

"Рушьбеи Смыр иҩымҭақәа бызшәа ссирла, ахәыҷқәа рызнагара дақәшәоит. Уи иажәеинраалақәа реизга "Аҵыс иаҵәа" ҳамҭас исиҭеит, ахы инаркны аҵыхәанӡа саԥхьеит, ҿырҳәала издырқәогьы ыҟоуп, убас исзааигәоуп", — лҳәеит Инна Ҳашԥҳа.

Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы иқәгылоуп Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа реизга "Ардәына" захьӡу. Иара убас, еицырдыруа аԥсуа поет, адраматург Валери Касланӡиа ахәыҷқәа рзы иаԥиҵаз ашәҟәқәа ҩба "Жьакәыри" "Анҷа-кәынҷеи", ашәҟәыҩҩы, апоет Платон Бебиеи иҩыз ашәҟәы "Уа мшабзиа, амш бзиа", иара убас, Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ахәыҷқәа иранаишьаз ажәеинраалақәа реизга "Аҵыс иаҵәа".

Ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Инна Ҳашԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Таиф Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи рабжьгарала. Аусуратә комиссиа дахагылоуп афилологиатә наукақәа рдоктор Валентин Коӷониа.

Ҳаԥсуа сахьаркыратә литература аҟны иналукааша апоет, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа еиҿкаан уи имш иира аҽны хәажәкыра 11, 2016 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0