Ацәгьоуреи ахьырхәреи

CC0 / / Архивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абизнесмен Сергеи Клемантовичи уи иҩыза Оксана Скоредновеи цәыббрамза 2012 шықәсазы рыбжьаӡра, анаҩсан, урҭ Аӡҩыбжьа ақыҭан аҵеџьқәа руак аҿы рыԥсыбаҩқәа шыԥшааз атәи, иахьа уажәрааанӡагьы ари аус аҵыхәтәанынӡа иахьыҭҵаам ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Иҟамлац егьыҟам рҳәоит, аха, Аԥсны Жәлар реизара адепутат ауаҩшьра иадҳәалоу ашьауӷатә усаҿ гәрамгас дышьҭыхны, ацәгьоура "еиҿызкааз" ҳәа ахара идырҵо ҟамлацызт. Иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Урыстәыла атәылауаа абизнесмен Сергеи Клемантовичи уи иҩыза Оксана Скоредновеи цәыббрамза 2012 шықәсазы рыбжьаӡра, анаҩсан, урҭ Аӡҩыбжьа ақыҭан аҵеџьқәа руак аҿы рыԥсыбаҩқәа шыԥшааз атәы иамыршанхаз дарбану. Ари ацәгьоура хлымӡаах "анагӡаразы адҵа ҟазҵаз" адепутат Нодик Кәыҵниа иоуп ҳәа Аԥсны апрокуротура 2013 шықәсазы аҳәамҭа аныҟанаҵа Аԥсны аҳәынҭқарразы ихьымӡӷу усны аҭоурых адаҟьа инанылеит. 

Абри аус хьанҭа азы, аҵарауаҩ Олег Дамениа иқәгылараҿы иҳәахьан, "Ари иаанаго амораль акаҳароуп" ҳәа. Аԥсны ацәгьоурақәа рацәоуп, аха ахьырхәра аус аҿы акыр ҳмаџьаноуп. Акәты зӷьычыз абахҭа дҭабаар алшоит, аха, ауаҩшьра ҟазҵо аус иақәыршәара акыр ианыуадаҩхо ҟалоит.

Акәыцҳа - Sputnik Аҧсны
Нҵыра змам аԥсуа кәыцҳа

Клемантович иҩызеи иареи рҭархара аус ахәаԥшра цоижьҭеи абар хәышықәса ирықәуп. Жьҭаарамза 28 2016 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан ари аус, уи аиҿкааразы ҳәа ахара идырҵеит Нодик Кәыҵниа, 16 шықәса иқәырҵеит аҭакразы. Иара убас, ари аус назыгӡаз ҳәа Бигәаа Џьумбер (15 шықәса), Ахра Гоԥиа (14 шықәса), Рамин Хмаил (13 шықәса), Аслан Ҵәыџьба  (20 шықәса) рықәҵан.

Нодик Кәыҵниа иакәзар, уи аҽны аӡбарҭахь дымнеиӡеит, убри аҟынтә, аӡбаҩцәа ахара идҵаны, "аӡбараҭа азал аҟны даанкылазааит" ҳәа ишьақәдыргылаз нагӡашьа амоуит. 

Ас ишԥаҟалеи ҳәа ажәлар ишџьаршьоз "Адепутат Нодик Кәыҵниа дыбналеит" ҳәа амчратә усбарҭақәа рҟынтәи аҳәамҭа ҟалеит. Аус анырыӡбоз дымнеиӡеит, нас дыбналеит. Убри аахыс, дахьыҟо аӡәгьы изыԥшаауам… 

Уаҳа нызҭахым адетектив. Аӡбарҭаҿы аус ахыркәшаразы мышқәак шагыз, Жәлар реизара асессиақәа ирылахәыз адепутат Нодик Кәыҵниа гәырӡ-шашәаӡ дыӡит, иахьа уажәраанӡагьы ихабар ыҟам.

Нодик Кәыҵниа макьанагьы ддепутатуп, октиарбр 28 2016 шықәса раахыс аусура дахьымныҟәо, дыбналаны дахьыҟо азы вбакгьы имам. Адепутат закәанла дыхьчоуп, мызла аусура дымныҟәаргьы аӡәгьы дизамхуам.

Нодик Кәыҵниа Апарламент аҿы инапы злакыз хәа шәҵаауазар "Аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи" рзы акомитет далоуп. Амала, аҳәара уадаҩуп, уи аганахь ажәлар рзы илшаз, аха ихазы иигаз адгьылқәа, нас Клемантович иааирхәоз адгьылқәа ртәы ҳазааҭгылозар, акыр ихы дшацхрааз убоит. Клемантович ишьрагьы зыхҟьаз, адгьыл алахәаахәҭра аус ауп. Аӡәгьы игәалашәом даҽа зҵаатәык азы адепутат Апарламент аҿы аԥхӡы кеиҭәо, иҷыдоу закәанк ықәыргьежьаауа далацәажәо дыҟаны.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

Иара далан иара убас, "Абызшәатә политикеи адемографиеи рзы" акомитет. Ажәакла, қьаадла адепутат Нодик Кәыҵниа "қәҿиарала" акомитетқәа рҽы аус зуаз иакәын. Аха, дышнеиуаз ауаҩшьра аус аҿы гәҩарас дышьҭыхны, апрокуратура ишьҭашәарыцо иалагеит…

Амчратә усбарҭақәа ибналаны иҟоу адепутат данбарыԥшаауеи ҳәа ауаажәларра шхәыцуаз, мышқәак раԥхьа Жәлар реизара иааҳгәаланаршәеит Адепутат Нодик Кәыҵниа ноиабр 12 2013 шықәсазы "икьымсра" шихыхыз атәы. Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы иаҳәон "аҵыхәтәантәи аамҭазы еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа рҿы ицәырҵит Жәлар реизара Нодик Кәыҵниа иганахь акьымсра ихыхразы иҟанаҵаз ақәҵара иазкны ацәажәарақәа".

Азныказы, ажурналистцәа "Феисбук" адаҟьаҿы иџьаршьеит ари анҵамҭа анырба. Избанзар, шамаха иззымдыруа дыҟамызт, Жәлар реизара уи шаднакылахьаз. Иабаргәалашәеи ари шаҳҳәоз, иацы, жәабран 16 2017 шықәсазы ицәырҵит аинформациа Иреиҳау Аӡбартаҿы ари аус азы акассациатә шшыпхьыӡ ианахәаԥш Аӡбаҩцәа Ҭемыр Ҭарба, Оксана Ԥлиаԥҳа, Генри Гамсаниа "уаанӡа Иреиҳау Аӡбарҭа аколлегиа иаднакылахьаз аус аԥыхзааит, ҿыц аусеилыргара напа аркразы", ҳәа ахҳәаа азуны, аус аиҭаҭҵаара амҩа инанырҵеит.

Абарҭқәа рышьҭахь ицәырымҵыр ауама азҵаатәы. Аԥсны апрокуратуреи, амчратә усбарҭақәеи адепутат иганахь, егьырҭ ахара здырҵогьы налаҵаны аус ԥаршеи еиқәдырҽаҽозма? Мамзаргьы, Иреиҳау Аӡбарҭа аколлегиа аӡбаҩцәа рус зынӡа ирзымдыруоу? Иабаҟоу аиаша? 

Асоциалтә даҟьақәа рҿы ари ажәабжь заҳаз аршанхеит. Аԥсуа ҳәынҭқарра ахаҿра еицазкуа акакәны ахә ршьоит. Иҳаздыруам ари азы апрокуратура хада агәаанагара…

Арҭ ахҭысқәа зегь еилаланы, ҳаԥхьаҟа ишьҭоу алхрақәа аҽалархәра ажәлар ргәы ахымкәа иҟалар алшоит. Жәлар рхаҭарнакцәа, ма ачынуаа ауаҩшьреи акоррупциеи ирылахәханы ианыҟало, ажәлар агәрагара рцәыӡуеит амчрақәа рышҟа. Аԥсуаа ражәа иалоуп "Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар — амшын аҭра иҭнацоит" ҳәа. 

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0