Апроект "Ты супер!" аԥсихолог: ахәыҷқәа ҭаацәак реиԥш еишьцылт

© Фото : пресс-служба НТВАконкурс "Ты супер!" алахщылацәа
Аконкурс Ты супер! алахщылацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи авокалтә конкурс "Ты супер!" апремиера мҩаԥысит НТВ ателеканал аҟны жәабран 11 рзы. Уи аахыс ес-сабша ахәаԥшыҩцәа рхы азкыдҵаны апроект иахәаԥшуеит.

АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Ашоу алахәылацәа еисӡом, уи адагьы џьара аӡәы иманшәаламкәа дықәгылар ргәы рыхьуеит, ҳәа еиҭалҳәоит апроект аԥсихолог Надежда Уффельманн.

"Акыр шықәса ҵуеит сара ареалити-шоуқәа рҟны аус зуеижьҭеи. Аха ари апроект сара сзы иаартырахеит. Иҟалоит аӡәы игәы иаанагар апроект алахәылацәа аԥсҭазаара иԥнашәахьоу хәыҷқәоуп ҳәа, аха дара даара аинтерес зҵоу, зыҿцәажәара агәахәара унаҭо роуп. Ҳапроект уникалуп. Иара еизнагеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ахәыҷқәа: зааӡара, зкультура, збызшәа еиԥшым. Аха дара урҭ зегьы ириааиуеит. Иҟалап аду изы иуадаҩу ахәыҷы изы имариазар. Иаразнакы ражәа еибакит, аизыгәыбылра аадырԥшуеит", — лҳәоит аԥсихолог Надежда Уффельманн.

Лара лажәақәа рыла ахәыҷқәа рыбжьара аиҩызареи аизыҟазаашьа бзиақәеи аҳра руеит.

"Алахәылацәа рыбжьара изакәызаалак милаҭбжьаратә еимак аҭыԥ амам. Иҟоуп дасу ибызшәала данцәажәо аха ианеилибакаауа", ҳәа азгәалҭоит аԥсихолог Уффельманн.

Лара лажәақәа рыла ахәыҷқәа рышықәсқәа реиԥшымзаарагьы ԥкырак ҟанамҵеит реизыҟазаашьаҟны.

"Иџьоушьартә иҟоуп, аха ахәыҷқәа ҭаацәарак реиԥш иҟалеит. Аиҵыбцәа аиҳабацәа ирзыӡырыҩуеит, иҟарҵаша, ируша рарҳәоит", — лҳәоит аԥсихолог.

Валерия Адлейба - Sputnik Аҧсны
Лера илеиӷьу адунеиаҿ дыҟам: Лера класск аҿы илыцтәоу ишрылшо ала илыдгылоит

Надежда Уффельманн еиҭалҳәоит урҭ руаӡәк қәҿиарала дықәгыланы егьи атур ахь даниасуа зегь шеигәырӷьо, ус акәымкәа аӡә деиҵахаргьы зегьы ргәы шыднархьуа. Асеиԥш изныкымкәа иҟалахьеит. Дара реизыҟазаашьа мцрак, ԥаршеирак аҵам, ргәы аартуп абзиеибабаразы аиҩызаразы, лҳәоит лара.

Аԥсны ахьӡала апроект "Ты супер!" далахәуп Очамчыратәи ашкол-интернат ааӡамҭа Валериа Адлеиаԥҳа.

Аконкурс "Ты супер!" изаамҭанытәиу аконцерт мҩаԥысуеит жәабран 25 асааҭ 20:00 рзы, аканал НТВ аҟны.

Апроект "Ты супер!" мҩаԥысуеит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дҟалоит Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 инаркны.

Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны. Ашоу иазку ажәабжьқәа рдырра шәылшоит Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭоит аиндаҭлара амҩаԥысшьа. Иара иалахәуп 92-ҩык авокалистцәа: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларуссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдавиа, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0