Бжьаниа: абџьар змоу иара ахархәашьаз акурсқәа ирхысроуп

© Sputnik / Grigoriy SisoevАԥсны Апарламент аҟны актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Абџьар азы" азакәан апроект
Аԥсны Апарламент аҟны актәи аԥхьарала ирыдыркылеит Абџьар азы азакәан апроект - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аҟны актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Абџьар азы" азакәан апроект. Адокумент абџьареикәыршара аусхк аҟны азинтә еизыҟазаашьақәа ҭышәнартәалароуп.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Азакәан апроект далацәажәо Ахра Бжьаниа иарбоу аусшәҟәы абџьар аикәаршараҿы азинтә еизыҟазаашьақәа аҳәаақәҵара иазырхоуп ҳәа азгәеиҭеит.

“Абџьар аикәаршареи ахархәареи рмеханизм азакәанҧҵаратә шьаҭа аҭара хымҧадатәиуп, уи аахәареи, аҵәахреи аныҟәгареи рзы азин аиура аҧҟарақәа шьақәырҕәҕәатәуп. Хадара аланы иҟоу, аусшәҟәы аҿы азинқәеи аҭакҧхықәреи рбаланс арбоуп, изакәанымкәа абџьар аикәыршара аҧхьырҟәҟәааратә уснагӡатәқәа еиқәыршәоуп”.

Уи адагьы иара иазиԥхьаӡоит абџьар змоу зегьы рԥсихологиа аҭагылазаашьа агәаҭареиԥш абџьар ахархәашьа адырразы акурсқәа ирхыжьтәуп ҳәа.

Адепутат иара убасгьы дазааҭгылеит абџьар змоу ашәҟәы иҭаҩра амҩаԥысра.

"Аԥсны ирацәаҩуп арезервистцәа. Урҭ злеибашьуаз рабџьар уажәгьы иҵәахны ирымоуп. Уигьы азакәан апроект аҟны иарбатәуп", —  иҳәоит Бжьаниа.

Ахра Бжьаниа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Аԥсны аханатәгьы абџьар аныҟәгара акультура аҭыԥ ааннакылон. Ауаа ибзианы ирдыруан абџьар закәыз, иахәҭаны иҟаз аҳаҭыр рбон. Абџьар сымоуп ҳәа ишабалак ахныҟәгара ҟаломызт", — иҳәеит иара.

Абџьар аиура ареспубликаҟны ируадаҩуп, уи ауаа ршәарҭадара иахәо иҟам ҳәа ишьоит адепутат.

"Ацәгьа зур зҭаху, азакәан ақәныҟәарадагьы абџьар рыԥшаауеит. Абџьар ахыхьчараз изҭаху, азакәан иқәныҟәо ауаа ракәзар, урҭ абџьар роура апроцедура акыр ирххоуп. Аҳәынҭқарра дарбанызаалак абџьар змоу атәылауаҩ ихаҭара адыруазароуп. Акартотекақәа аԥҵатәуп, аамҭа-аамҭала абџьар аҭаҩра иахыгалатәуп", — иҳәеит Бжьаниа.

Аԥсны Апарламент аҟны актәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Абџьар азы» азакәан апроект. Адокумент абџьареикәыршара аусхк аҟны азинтә еизыҟазаашьақәа ҭышәнартәалароуп.

Азакәан апроект актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0