Ажиури ахантәаҩы: Искандер ихьӡ зху апрема аиуразы 50 усумҭақәа раҟара ыҟоуп

© Sputnik / Михаил Маркив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа аиуразы аусумҭақәа рыдкылара хыркәшоуп. Зынӡа ирыдкылоуп 47 усумҭа. Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит иналукааша ашәҟәыҩҩцәа рцентр "Русский ПЕН-центр".

АҞӘА, хәажәкыра 7 — Sputnik, Владимир Бегунов. Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит иналукааша ашәҟәыҩҩцәа рцентр "Русский ПЕН-центр". Аиндаҭлара аҽалархәразы уахь инарышьҭит имаҷымкәа арҿиамҭақәа.

"Жәабран 28 рзы азыҳәақәа рыдкылара хҳаркәшеит. Асеиԥш ҳазыԥшымызт. Азыҳәақәа ҳзаарышьҭит Москва, Красноиарск, Владивосток, Петрозаводска, Ермантәыла. Урҭ ирылоуп Аԥснынтәи анашьҭымҭақәагьы. Урҭ Игор Хәарцкиа, Ричард Чкадуа, Витали Шариа раашьҭымҭақәа роуп", ҳәа еиҭеиҳәоит Фазиль Искандер ипремиа аиуразы аиндаҭлара ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.

Ажиури ахантәаҩы ишиҳәаз ала апремиа ажиури инагоу аусумҭақәа рхаҭабзиара адагьы Искандер ипроза азааигәара иазхьаԥшуеит.

"Сгәы иаанагоит аԥхьаҩцәа алитература иаша гәхьаарго иалагеит ҳәа. Ари иаанаго зхаҭабзиара ҳараку ареализм азыхынҳәроуп", — иҳәеит ажиури ахантәаҩы.

Апопечительтә хеилак напхгара аиҭоит еицырдыруа апоет Иури Кублановски.

Фазиль Искандер, 1980-е. - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер ихьӡ Аԥсны инаӡаӡартәуеит

Аусумҭақәа рыдкылара иалагеит ԥхынҷкәын акы инаркны. Хәажәкыра фба рзы ихыркәшахеит.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ажәабжьқәа зегьы
0