Аспектакль "Софичка" РУСДРАМ арепертуар иалалоит

© Sputnik / Илона ХварцкияАспектакль "Софичка" РУСДРАМ арепертуар иалалоит
Аспектакль Софичка РУСДРАМ арепертуар иалалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер имшира аҽны ихьӡ ахҵахеит Аԥсны Аурыс драматә театр.

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Владимир Бегунов. 2018 шықәса рзы Аурыс драматә театр арепертуар аҟны иҟалоит Искандер иповест иалху аспектакль "Софичка", иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Фазиль Искандер – адунеи аҿы еицырдыруа хьӡуп, — иҳәеит Хынҭәба. – Ҳатеатр иара ихьӡ ахьахылаз ҳара ҳзы акыр аҭакԥхықәра ацуп. Ҳара уи аҭакс иҳаӡбеит ҳрепертуар иалаагаларц аспектакль "Софичка".

РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, атеатр Искандер ихьӡ ахҵара аидеиа иара атеатр аҩныҵҟауп ахы ахьыҵнахыз. Абри аганахь ала атәыла Ахада иӡбра гәахәарыла аколлектив зегьы еицрыдыркылеит.

Официалла атеатр Фазиль Искандер ихьӡ ахҵоуп 2017 шықәса хәажәкыра 6 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0