Аҟәа иаздырхиоит асоциалтә усуҩцәа

© Амина ЗантарияАҟәа имҩаԥысуеит асоциалтә усуҩцәа разыҟаҵаразы атренингқәа
Аҟәа имҩаԥысуеит асоциалтә усуҩцәа разыҟаҵаразы атренингқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса ажьырныҳәа инаркны ихацыркхоит ООН Ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ), Аԥсны Аџьа аминистрреи, Аҟәа ақалақь Ахадареи еицымҩаԥырго апроект.

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа имҩаԥысуеит асоциалтә усуҩцәа разыҟаҵаразы атренингқәа, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аҟәатәи аҟәша аофис ахаҭарнак Амина Занҭариаԥҳа.

Апроект азырхоуп Аԥсны зҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәеи ахәыҷқәеи ацхыраара рыҭаразы асоциалтә усура аҿиара.

"Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аиуристцәа, аԥсихологцәа, арҵаҩцәа рҟынтәи еиҿкаан актәи агәыԥ", — лҳәоит Занҭариаԥҳа.

ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аҟәатәи аҟәша аофис ахаҭарнак Амина Занҭариаԥҳа еиҭалҳәеит агәыԥ раԥхьатәи акурс мшаԥымза анҵәамҭанӡа ишымҩаԥысуа.

"Акурс амҩаԥысраан заԥхьаҟа исоциал усуҩцәахараны иҟоу ироуеит адыррақәеи аԥышәеи аҭаацәарақәеи ахәыҷқәеи аус рыдулашьазы", ҳәа азгәалҭоит лара.

© Амина ЗантарияВ Сухуме проводятся тренинги по подготовке социальных работников для защиты уязвимых детей и семей
В Сухуме проводятся тренинги по подготовке социальных работников для защиты уязвимых детей и семей - Sputnik Аҧсны
В Сухуме проводятся тренинги по подготовке социальных работников для защиты уязвимых детей и семей

Амина Занҭариаԥҳа иазгәалҭеит акурс апрограмма, иара асоциалтә усура Аԥсны аҿиара аиуреиԥш ҷыдала ареспубликазы аус шадулаз.

"Иара убри аамҭазы аҵакы аманы иҟоуп апрограмма ахәыҷқәа рыхьчара аусхк аҟны жәларбжьаратәи астандартқәа иахьрықәшәо", — лҳәеит Занҭариаԥҳа.

Атренинг мҩаԥигоит иааԥхьоу, аԥсихологиеи асоциалтә усуреи русхк аҟны аексперт.

"Атренинг анхыркәшахалакь ашьҭахь асоциалтә усуҩцәа русура хацдыркуеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гал араионқәа рҟны", лҳәоит ИУНИСЕФ ахаҭарнак.

Асоциалтә усуҩцәа рзы атренинг мҩаԥыргоит амедицинатә наукақәа ркандидат, адоцент, Санкт-Петербургтәи асоциалтә педагогикеи аԥсихологиеи Ринститут акафедра аиҳабы Марина Землианыхи аҭҵаарадыррақәа рдоктор, Колумбиатәи Ауниверситет алектор Машхура Акиловеи.

Ԥхьаҟазы исоциал усуҩхараны иҟоу Шьаризан Шьынқәырԥҳа илҳәоит Аԥсназы апроект аҵак ду аманы ишыҟоу.

ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аҟәатәи аҟәша аофис ахаҭарнак Амина Занҭариаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Атренинг амҩаԥысраан заԥхьаҟа исоциал усуҩцәахараны иҟоу ироуеит адыррақәеи аԥышәеи аҭаацәарақәеи ахәыҷқәеи аус рыдулашьазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0