Гәагьиа: аофициалтә шшрақәа акыр имаҷын

© Sputnik / Томас ТхайцукАлкратә кампаниа
Алкратә кампаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа иаҳзеиҭеиҳәеит Апарламент ахь алхрақәа разыҟаҵара атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхрақәа ираԥхьанеиуаз аамҭақәа рзы Ацентртә алхратә комиссиахь инашьҭыз аофициалтә шшрақәа акыр имаҷын иҳәеит ахәаша, хәажәкыра 10 рзы АРСМИРА аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

"Зашшрақәак аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны иҭаҳҵааит. Иҟан Апрокуратура хадахьы аҭҵааразы инашьҭыз ашшрақәагьы", — иҳәеит иара.

Аилагарақәа алхрақәа раан абжьыҭира анырра арҭо иҟазар, Ацентртә алхратә комиссиа уи азхьаԥшра анаҭоит иҳәеит Гәагьиа.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Гәагьиа: алхратә ҭыԥқәа азырхиоуп

"Ҳашҟа инеихьоу аинформациақәа рыла аилагарақәа хра дук змоу ракәны иҟам. Аиҳарак урҭ аилагарақәа зыхҟьаз аилибамкаарақәа роуп", — иҳәоит акомиссиа ахантәаҩы.

Аиҳаракгьы еилагарақәаны иҟаз аргыларақәеи, амҩақәа реиҭашьақәыргылареи, аҳамҭаҭареи роуп. Акандидат официалла ашәҟәы данҭарыҩ ашьҭахь иарбанызаалак ихьӡала аҳамҭа абжьыҭиҩы иаахәароуп ҵакны иаиуа. Иҟан ҿырҳәалатәи азашшрақәа, аха урҭ рҭак алхратә комисиа иазыҟаҵом.

"Ашшыбӷьыц официалла ашәҟәы иҭаагалароуп. Ҿырҳәалатәи ашшрақәа азакәан ҵаҵӷәы рымаӡам", — иҳәеит Гәагьиа.

Иара иазгәеиҭеит амчратә структурақәа рҟны ишаԥҵоу акомиссиа ҷыдақәа, ашшрақәа ҭызҵаауа.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0