Аамҭалатәи алкаақәа рыла, 15 сааҭ рзы Гагра араион аҟны алхрақәа мҩаԥысит

© SputnikГагра араион аҟны алхрақәа мҩаԥысит
Гагра араион аҟны алхрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭалатәи алкаақәа рыла, 15 сааҭ рзы Гагратәи алхратә ҭыԥ хадақәа рыхәбагьы рҟны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит.

ГАГРА, хәажәкыра 12 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аамҭалатәи алкаақәа рыла, 15 сааҭ рзы Гагратәи алхратә ҭыԥ хадақәа рыхәбагьы рҟны алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп. 26 477-ҩык рахьтә рыбжьы рҭихьеит 9 179-ҩык алхыҩцәа.

Хәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аҟынтәи анаԥшҩы: алхыҩцәа абжьыҭира рааира бжьаратәуп

9-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны, сиала ашәҟәы иҭагалоу 4 574-ҩык рахьтә 15 сааҭ рзы рыбжьы рҭиит – 1 357-ҩык. 10-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны, 5 120-ҩык рахьтә – рыбжьы рҭиит 2 000-ҩык. 11-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны, 4 469-ҩык рахьтә алхрақәа рахь инеит 1 714-ҩык.

12-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны, 7 003-ҩык рахьтә, рыбжьы рҭиит 2 273-ҩык. 13-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны, 5 311-ҩык рахьтә, 1 825-ҩык алхрақәа рахь инеит.

"12-тәи алхратә ҭыԥ хада, а-3-тәи алхратә ҭыԥ аҟны 15 сааҭ рзы асиа иарбоу 1 640-ҩык рахьтә бжьыҭира иааихьеит 522-ҩык алхыҩцәа. Араҟа зегьы закәанла имҩаԥысуеит, аилагарақәа ҳәа акгьы макьаназы иазгәаҭам", — лҳәеит, 12-тәи алхратә ҭыԥ хада, а-3-тәи алхратә ҭыԥ ахантәаҩы Хана Гәынԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0