Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 11 634-ҩык алхыҩцәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 11 634-ҩык алхыҩцәа
Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 11 634-ҩык алхыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭалатәи аинформациала, 18 сааҭ рзы Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 11 634-ҩык алхыҩцәа.

ГАГРА, хәажәкыра 12 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Алхратә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа иҟарҵахьоу аамҭалатәи алкаақәа рыла, Гагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа рыхәбагьы рҟны рыбжьы рҭихьеит 11 634-ҩык алхыҩцәа, асиа иарбоу 26 477-ҩык рахьтә.

"Гагратәи 12-тәи алхратә ҭыԥ хада 1-тәи алхратә ҭыԥ аҟны алхыҩцәа ашьыжь инаркны рааира бзиан. Алхратә комиссиа аусуразы макьаназы аӡәгьы игәынамӡара ааимырԥшыцт. Акандидатцәа рыбыжьҩык рҟнытә иҟоу анаԥшыҩцәа ракәзаргьы, ҳәоуеиқәшәала алхрақәа рцашьа иацклаԥшуеит", — иҳәеит 12-тәи алхратә ҭыԥ хада 1-тәи алхратә ҭыԥ ахантәаҩы Лаша Кьехьыриԥа.

Гагра араион алхратә ҭыԥқәа рахь иааиуа алхыҩцәа ракәзаргьы, аӡәи-аӡәи ринтересқәа хазызыргьы ажәа еимаркуам, патула рхы мҩаԥыргоит.

"Аԥсны иахәаша ҟалар ауп иаҳҭаху. Бзыԥаа алшара ҳамоуп ҩыџьа акандитатцәа рҟнытә, еиҳа ҳгәы ззыҳәо иалхра. Дарбанзаалак аԥыжәара зго, иԥсадгьыл қәнагала амаҵ аушьа дақәшәааит", — лҳәеит, Бзыԥҭатәи 10-тәи алхратә ҭыԥ хада, 3-тәи алхратә ҭыԥ аҟны зыбжьы зҭииз Лиудмила Алшәындба.

Ажәабжьқәа зегьы
0