Ҭамаз Гәагьиа: аҩбатәи атурқәа ахьыҟало макьана иҳаздырам

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҩбатәи атурқәа ҟалараны иахьыҟоу макьаназ иҳаздырам избанзар абжьқәа рхыԥхьаӡара хыркәшам, иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

Ацентртә алхратә комиссиахь инашьҭуп официалтә шшрак, аилагарақәа аҭыԥ рыман ҳәа.

"Ашшра ҭаҳҵаауеит уаҵәыҵәҟьа. Ашшраҿ излацәажәо акәыцҳа-еиҭага ииашамкәа ахархәара аман ҳәоуп", — иҳәеит иара.

Заанаҵтәи аихшьаалақәа рыла аинформациа ааира иаҿуп. Урҭ иныҭкааны еилкаахоит ашәахьа, хажәкыра 13 рзы.

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0