Аԥсны ААК макьаназ иалнамкаац аҩбатәи атур анымҩаԥгахо арыцхә

© Sputnik / Томас ТхайцукАкомиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа
Акомиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиаҟны имҩаԥыргеит ареспубликаҿ имҩаԥысуаз алхрақәа реихшьаалақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ААК макьаназ иалнамкаац аҩбатәи атур анымҩаԥгахо арыцхә. Акомиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа ишиҳәаз ала азакәанԥҵара инақәыршәаны аҩбатәи атур мҩаԥгахароуп ҩымчыбжь рыҩныҵҟа.

Гәдоуҭатәи 17-тәи алхратә ҭыԥ аҿы имҩаԥысуеит аиҭалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААК: алхратә ҭыԥ № 17 аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит

Аҩбатәи атур иалахәхо адепутатрахь акандидатцәа агитациа аҟаҵаразы ҭагылазаашьақәас ирыҭахои ҳәа азҵаара аҭакс Гогьиа иҳәеит актәи атур иаҿырԥшны алшарақәа еиҳа иԥкхоит ҳәа.

"Аҩбатәи атур аан аиааира игоит абжьеиҳа зауз", — иҳәеит иара.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла 12 алхратә ҭыԥ рҟны алхрақәа мҩаԥысит, 22 алхратә ҭыԥ рҟны аҩбатәи атур мҩаԥгахоит, алхратә ҭыԥк аҟны алхрақәа зымҩаԥымсит ҳәа ишьоуп. Асиа цҵақәа абжьыҭира анырра арымҭеит, иҟаз ашшрақәа оперативла иҭырҵаауан иҳәеит Ҭамаз Гогьиа.

Апарламент ахь алхрақәа актәи атур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0