"Афырҭын" асолотә концерт мҩаԥгахоит Москва

© Фото : архив ансамбля "Афыртын""Афырҭын" асолотә концерт мҩаԥгахоит Москва
Афырҭын асолотә концерт мҩаԥгахоит Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахореографиатә ансамбль "Афырҭын" аԥҵан Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба инапхгарала 1985 шықәса рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ахореографиатә ансамбль "Афырҭын" хәажәкыра 26 рзы Москва имҩаԥнагараны иҟоуп асолотә концерт. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит ансамбль анапхгаҩы Лев Қьецба.

"Асолотә концерт мҩаԥысраны иҟоуп сааҭки бжаки инарзынаԥшуа. Аконцерт апрограмма иалоуп аԥсуа милаҭтә кәашарақәа: "Аурашьа", "Аԥсуа кәашара", "Бзыԥаа рыкәашара", "Ашьхаҭыԥҳа". Ҳәарада арепертуар иалоуп Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәагьы. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит қәҿиарала аконцерт амҩаԥгаразы", — иҳәеит иара.

Қьецба иажәақәа рыла аконцерт иалахәуп ансамбль уаанӡатәи асолистцәагьы.

"Уаанӡатәи ҳансамбль асолист, иахьа Москватәи ауниверситет астудент Абзагә Ҵәыџьба жәлар ринструментқәа аирҳәараны дыҟоуп, Сабрина Ԥкьынԥҳа лакәзар ашәақәа налыгӡоит, иара убас аконцерт мҩаԥылгараны дыҟоуп", — иҳәеит Лев Қьецба.

Ансамбль "Афырҭын" еиуеиԥшым аконкурсқәеи афестивальқәеи рҟны аԥхьахәқәа изныкымкәа ианаршьахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0