Аҩбатәи атур зҽалазмырхәуа акандидат ихьӡ абиуллетенқәа ирныххом

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҩбатәи атур зҽалазмырхәуа акандидат ихьӡ абиуллетенқәа ирныххом
Аҩбатәи атур зҽалазмырхәуа акандидат ихьӡ абиуллетенқәа ирныххом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы, Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №17 аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 14 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 24 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысраан дарбанызаалак акандидат алхрақәа рыҽрылархәра мап ацәикыр абиуллитень ихьӡ аныххаӡом. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны ААК (ЦИК) ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

"Алхрақәа егьырҭ алхрақәа шымҩаԥысыз еиԥш маншәаларыла имҩаԥысуеит. Акандидат алхрақәа иҽрылархәра мап ацәикыргьы иара ихьӡ абиуллитень ианыххом. Убри аан уи акандидат аԥыжәара игар, ԥхьаҟазы иоуеит азин изинмчрақәа шьҭеиҵарц. Ҳаргьы аиҭалхра мҩаԥаагоит", — иҳәеит Гәагьиа.

Гәагьиа иазгәеиҭеит аиҭалхрақәа Аԥсны азакәанԥҵара ишаҳәо еиԥш ишымҩаԥгахо. Дара мҩаԥысраны иҟоуп аҩбатәи атур анымҩаԥгаха ашьҭахь ҩымз ааҵуаны.

Ҭамаз Гәагьиа иҳәеит иахьатәи аамҭазы кандидатцәақәак рганахь ала ақәыӷәӷәарақәа шыҟоу.

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы. Актәи атур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0