Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рыспартакиада иалагалан амилаҭтә хәмаррақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ашколхәыҷқәа рыспартакиада иалагалан амилаҭтә хәмаррақәа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рыспартакиада иалагалан амилаҭтә хәмаррақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа: аҵәы аршәра, аҭыԥ аҟынтә ҵәҩанҵәы аԥара, ахаҳәырԥа уҳәа ашколхәыҷқәа XVI рспартакиада апрограмма иалагалан.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аҟәатәи абжьаратә школ №6 ашҭаҟны еизеит XVI аспартакиада алахәылацәа. Раԥхьаӡа акәны сынтәа, ашколхәыҷқәа рықалақьтә спартакиада апрограмма иаларҵеит амилаҭтә хәмаррақәа: аҵәы аршәра, аҭыԥ аҟынтә ҵәҩанҵәы аԥара, ахаҳәырԥа, алабоу ахалара. Амилаҭ спорттә хәмаррақәа иҷыдоу амчра, аласра, аццакра рҭахуп.

Аҳҭнықалақь ашкол №2 абаҩрҵәыра арҵаҩы Ирина Хлыбова аспартакиада алахәылацәа ирзеиҭалҳәоит аԥҟаррақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукГородские соревнования по национальным видам спорта среди школьников
Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников - Sputnik Аҧсны
Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников

"Апрограмма иалаагалеит амилаҭтә хәмаррақәа. Асеиԥш ҟаҳҵеит ахәыҷқәа рмилаҭтә хәмаррақәа рхамшҭырц", — лҳәеит Ирина Хлыбова.

Аспортсменцәа ражәақәа рыла зегь раасҭа ирлахҿыхганы ирбаз аҭыԥ аҟынтәи ҵәҩанҵәы аԥароуп, акыр иргәаԥхеит алабоу ахалара, иуадаҩны иршьеит аҵәыршәра.

Алабоу ахалара уадаҩуп. Избанзар ашьапқәа уцырхыраара ҟалом, напыламацароуп ушхалаша.

© Sputnik / Томас ТхайцукГородские соревнования по национальным видам спорта среди школьников
Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников - Sputnik Аҧсны
Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа лажәақәа рыла аспартакиада апрограмма амилаҭтә хәмаррақәа реиԥш иалоуп итрадициатәу ахәмаррақәагьы: амҵәышәмпыл, ашьапылампыл, анапылампыл, ашахмат.

"Ашколхәыҷқәа реиндаҭлара мҩаԥысуеит ашықәс аҩныҵҟа. Зҽалызкаауа ахәыҷқәа аспорттә секциақәа рахь рхы ҳархоит, ареспубликатә спартакиада иазыҟаҳҵоит", — лҳәеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукГородские соревнования по национальным видам спорта среди школьников
Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников - Sputnik Аҧсны
Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников

Иреиӷьыз алҵшәақәа аадырԥшит ашкол №10 (актәи аҭыԥ), ашкол № 13 (аҩбатәи аҭыԥ), ашкол № 12 (ахԥатәи аҭыԥ) ркомандақәа.

Афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0