Ахәыҷтәы лагерь "Апатриот қәыԥш" аусура иалагеит Пицунда

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхәыҷтәы лагерь "Апатриот қәыԥш" аусура иалагеит Пицунда
Ахәыҷтәы лагерь Апатриот қәыԥш аусура иалагеит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы лагерь "Апатриот қәыԥш" мчыбжьык аҩнуҵҟа аус аулоит Пицунда.

ПИЦУНДА, хәажәкыра 24 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ахԥатәи жәларбжьаратәи ахәыҷтәы лагерь "Апатриот қәыԥш" аусура иалагеит Пицундатәи аԥсшьарҭа ҩны "Сосновая роща" аҟны. 50-ҩык Аԥсны араионқәеи Москвеи Корелиеи рҟнытә ахәыҷқәа мчыбжьык иалагӡаны ирзеиҿкаахоит аспорттәи апатриоттәи усмҩаԥгатәқәа. Иара убас, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа.

Аԥсны аҵареи анаукеи рминистрра, Атәылахьчареи Аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рзы рминистррақәеи рыцхыраарала жәларбжьаратәи ахәыҷтәы лагерь "Апатриот қәыԥш" уажәшьҭа хынтәны ҳтәылаҟны имҩаԥысуеит.

Алагерь аиҳабы Георги Скворцов иажәақәа рыла, арахь иааԥхьоуп, аҵараҟны алҵшәа бзиақәа аазырԥшуа аҵаҩцәа. Дара рыпрограммала иазԥхьагәаҭоуп, ахәыҷқәа амшын аԥшаҳәаҟны ргәабзиара ашьақәыргылара, апатриоттә усмҩаԥгатәқәа арылархәра.

Корелиантәи иааз агәыԥ анапхгаҩы Валентина Белиакова илҳәеит даара агәахәара ду шырнаҭаз Аԥсныҟа раара.

"Раԥхьа иргыланы, Аԥсны аҵара аминистрра иҭабуп ҳәа расҳәоит ааԥхьара ахьҳарҭаз. Ҳара аиҳабацәа шаҟа ҳаибабо, пату еиқәаҳҵо аҟара, иахьа изызҳауа аҿаргьы аимадара рыбжьалоит. Ҭоурыхла зегьы ибзианы ирдыруеит аԥсуааи аурысцәеи ишпатриотцәоу. Иахьатәи ҳлагерь аиҿкаарагьы уи иалҵшәоуп", — ҳәа ацылҵеит Корелиантәи иааз асас.

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рыспартакиада иалагалан амилаҭтә хәмаррақәа - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рыспартакиада иалагалан амилаҭтә хәмаррақәа

"Аиҩызароуп" хықәкыс иҳамоу ҳәа азгәалҭеит Москватәи агәыԥ аиҳабы Татиана Трушина.

"Арҭ амшқәа ирылагӡаны, аҩ-милаҭк рхәыҷқәа ирыбжьалоит аиҩызара. Ԥхьаҟагьы реимадара ишацҵахо агәра згоит. Абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәахоит, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа раеиҵааӡара", — инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар ихәҭакахьала, алагерь алахәцәа зегьы ирзеиӷьеишьеит, рнапы злаку аус аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Аԥснытәи рыԥсшьарамшқәа иҟәандоу цәанырраны ирзынхарц.

Аԥсныҟа ԥсшьара иааз ахәыҷқәа реиҳараҩык раԥхьаӡакәны ирбеит амшын. Дара алакә иалоушәа рхы рбоит.

"Даара ҳаигәырӷьоит алшара ахьҳауз абри атәыла ссир ахь аара. Ҳаԥсшьарҭа ҩны амшын аҿаԥхьа иҟоуп аҟнытә, есыҽны аԥшаҳәахьы ҳцалоит. Амала, аӡы аҭалара ҳзыгәаӷьуам, ихьҭоуп, аха, уи баша ахәаԥшрагьы агәахәара ду ҳнаҭоит", — рҳәоит асасцәа хәыҷқәа.

Алагерь аусура аартра аҽны, Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу аԥсыԥтә оркестр аконцерт мҩаԥнагеит. Аруаа инарыгӡеит Аԥсныи Урыстәылеи рпатриоттә музыкатә композициақәа.

Алагерь аусура иалагӡаны, Пицундатәи актәии аҩбатәии ашколқәа рҟны имҩаԥыслоит Аԥсныи Урыстәылеи рырҵаҩцәа рԥышәа еимадаразы аусмҩаԥгатәқәа. Дара ирылацәажәараны иҟоуп, иахьатәи атехнологиақәа рыла аурокқәа рымҩаԥгара азҵаарагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0