Гагра араион аҟны 18 сааҭ рзы бжьыҭира инеихьеит 6801-ҩык

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАпарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит
Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

ГАГРА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион алхратә ҭыԥқәа рҟны, 18 сааҭ рзы рыбжьы рҭихьеит 6 801-ҩык, 17 289-ҩык асиа иарбоу алхыҩцәа рахьтә.

Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 5288-ҩык алхыҩцәа - Sputnik Аҧсны
15 сааҭ рзы Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 5288-ҩык алхыҩцәа

Ҩымчыбжь раԥхьа, Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент ахь имҩаԥысуаз алхрақәа раан, ауаажәлар еиҳа активла алхратә ҭыԥқәа рахь инеиуан ҳәа азгәарҭеит гәыԥҩык, алхратә комиссиақәа рхаҭарнакцәа.

12-тәи алхратә ҭыԥ хада 3-тәи алхратә ҭыԥ аҟны, 18 сааҭ рҟынӡа сиала иарбоу 1689-ҩык алхыҩцәа рахьтә бжьыҭира инеиз рхыԥхьаӡара 650-ҩык ыҟоуп.

"Хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысуаз алхрақәа раан, алхыҩцәа еиҳа активра аадырԥшуан. Иахьа, бжьыҭира иааиуа акырӡа рхыԥхьаӡара еиҵоуп. Иааидкыланы, ҳалхратә ҭыԥ аҟны, аилагарақәа ыҟаӡам, ашьыжь инаркны зегьы маншәаланы имҩаԥысуеит", — иҳәеит 12-тәи алхратә ҭыԥ хада, 3-тәи алхратә ҭыԥ акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ахра Бебиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0