Валериа Адлеиаԥҳа Александр Шьоууа дсасны диҭан

© Фото : Антон ДевяткинВалериа Адлеиаԥҳа Александр Шьоууа дсасны диҭан
Валериа Адлеиаԥҳа Александр Шьоууа дсасны диҭан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашоу "Ты супер!" Аԥснытәи алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа дсасны диҭан акомпозитор, ашәаҳәаҩ, адуеит "Непара" асолист Александр Шьоууа.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа

Александр Шьоууа истудиаҟны Валериа дырзыӡырҩит еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәа, илаҳаит илыхәаша абжьагарақәа рацәаны. Уи адагьы длыԥшааит лыуа.

"Валериеи сареи аиуара ҳабжьазаап", — иҳәеит Александр Шьоууа.

Валериеи иареи астудиаҟны аконкурс аҟны иналыгӡаз ашәа "Адажио" атрек ҿыцқәеи аверсиа нагӡеи ҭарҩит. Лера лықәгылара еицалацәажәеит. Александр игәаанагарақәа леиҳәеит, абжьагарақәакгьы лзыҟаиҵеит.

Валериа Адлеиаԥҳаи Алиса Гыцԥҳаи еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Валериа аҳҭынраҿтәи лыԥсшьарамш

"Сара даара азхьаԥшра асҭоит инасыгӡо ашәа атекст. Исҳәо ажәақәа зегьы сгәаҵаҟынтә иаауазароуп. Уи адагьы ицқьаны иуҳәозароуп. Сара игәасҭеит бара ацыбжьыҟа "с" маҷк ишҭабырхәыҽуа", — иҳәеит ашәаҳәаҩ.

Валериа Лара Фабиани, Уитни Хиустони, Адели бзиа ишылбо анылҳәа ашьҭахь Александр ашәаҳәаҩ қәыԥш илабжьигеит Нора Джонс, Лиана Ла Хавас, Стив Уандер рмузыкагьы дазыӡырҩларц. Валериеи Александри еицазыӡырҩит "I Need a Hero", Бонни Таилер, "Blue Foundation", Роберт Дауни рмузыкатә композициақәа.

"Заҟа бдыруа аҟара былшарақәагьы духоит. Сара 40 шықәса ҵуеит амузыка садҳәалоижьҭеи, аха уажәыгьы иҿыцу ак сыԥшаауеит, амаӡақәа аҵыздыраауеит. Бара уажәы бгәы бнархьуеит анота лаҟәқәа ахьыбзышьҭымхуа. Иҟалоит алаҟәқәагьы аҳаракқәагьы бгәы ишаҭаху ибҳәо баныҟало" — лгәы ҟаиҵон Шьоууа.

Маикл Болтони Ева Кессиди рашәа "Fields of gold" ианазыӡырыҩуаз Шьоууа иазгәеиҭеит адуеттә шәаҳәара аҷыдарақәа.

"Аӡәи бареи ашәа анеицышәҳәо бара бзы аԥыжәара ҟазҵо аҭагылазаашьа аԥыбҵароуп", — иҳәеит иара.

Валериа амузыкатә ҵара лымаӡам, музыкатә инструментк аҟынгьы дзыхәмарӡом. Александр Шьоууа Валериа илзеиҭеиҳәеит инысымҩа. 5 шықәса анихыҵуаз ахор аҟны ахапа иҳәон, нас Аҟәатәи амузыкатә школ дҭалеит. Амузыкатә школ даналга дҭалоит амузыкатә ҵараиурҭа.

Валериа Адлеԥҳа шәыбжьы лышәҭар ҟалоит абра

Шьоууа Валериа илабжьигеит дхьамҵларц, еснагь ԥхьаҟа ацара лҽазылшәаларц.

11-шықәса зхыҵуа Валериа Адлеиаԥҳа ашоу аҩбатәи атур ахь днеихьеит. Лара лықәҿиарақәа рбара алшоит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны асаит аҟни ателеканал НТВ аҟни.

Ажәабжьқәа зегьы
0