Хьыбла Гьерзмааԥҳа "Ла Скала" дықәгылеит

© из личного архива Хиблы Герзамава Хьыбла Гьерзмааԥҳа аопера "Анна Болейн" далахәны "Ла Скала" дықәгылан
Хьыбла Гьерзмааԥҳа аопера Анна Болейн далахәны Ла Скала дықәгылан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хьыбла Гьерзмааԥҳа аопера "Анна Болейн" далахәны "Ла Скала" дықәгылан ҳәа адырра ҟанаҵоит ашәаҳәаҩ лофициалтә саит. Аспектакльқәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥымза 4, 11, 14 рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 3 — Sputnik. Мари-Луиз Бишофберже лықәыргыламҭа аопера "Анна Болеин" "Ла Скала" 1982 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны иқәдыргылеит сынтәа. Аҵыхәтәаны Анна лроль налыгӡон Монсеррат Кабалье. Абри атәы аанацҳауеит Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр асаит.

Италиатәи акритик Франческо Салазар "Анна Болеин" арецензиа азуа иҩуеит ароль хада реиҳа иуадаҩу ҳәа иԥхьаӡоуп бельканто арепертуар аҿы ҳәа.

"Ароль акырӡа иуадаҩқәоу иреиуоуп. Уи адагьы Хьыбла Гьерзмааԥҳа Мариа Каллас лышьҭахь дықәгылоит. Уигьы афырхаҵара аҭахуп", ҳәа иҩуеит арецензент.

"Анне Болеин" аҟны Хьыбла илыцықәгылоит Сониа Ганасси, Пьеро Претти, Карло Коломбара, адирижиор Ион Марин.

Ажәабжьқәа зегьы
0