Рита Ҭраԥшьԥҳа лҭыԥ ахь дырхынҳәтәуп ҳәа Аӡбарҭа ишьақәнаргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ахшараиурҭа
Аҟәатәи ахшараиурҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Рита Ҭраԥшьԥҳа лышшыԥхьыӡ иахәаԥшыз, лара лусураҿы деиҭашьақәыргылатәуп ҳәа аӡбеит.

АҞӘА, мшаԥымза 3 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Рита Ҭраԥшьԥҳа лышшыԥхьыӡ иахәаԥшыз Орҳан Чедиа хантәаҩыс дызмаз аҳҭнықалақь Аӡбарҭа лара лусураҿы деиҭашьақәыргылатәуп ҳәа аӡбеит.

Аӡбарҭа ишьақәнаргылеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ажьырныҳәа 18 2016 шықәса рзы Рита Ҭраԥшьԥҳа лусура дамхтәуп ҳәа иаднакылаз аӡбра иашам ҳәа.

Убри аан ажьырныҳәа 18 2017 шықәса инаркны хәажәкыра 31 2017 шықәсанӡа илоураны иҟаз аулафахәы Агәабзиарахьчара аминистррра иашәараны ишьақәнарӷәӷәеит.

Ажьырныҳәа 17 2017 шықәса рзы Белла Ԥлиаԥҳа аамҭала Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы инапынҵақәа налыгӡон, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аслан Берзениа идҵала.

Рита Ҭраԥшьԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабыс дыҟан 2013 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0