Қаадем Гәлиа: аԥсынҵры змоу ацҳа ӷәӷәа хызааит нырцәи-аарцәи

© Foto / Сырма АшәԥҳаҚаадем Гәлиа
Қаадем Гәлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Қаадем Гәлиа дазааҭгылоит уатәи иԥсҭазаара, Аԥсынтәылагьы ибар шиҭаху атәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҭырқәтәыла, Енегиоль Османиа аҟәара ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы дынхоит Қаадем Гәлиа. Уаҟа 20 ҭӡы инарзынаԥшуа аԥсуа ҭаацәарақәа ыҟоуп. Акыр шықәса ақыҭа напхгара азиуан.  

"Сара сабду 12 шықәса Германиа дынхон. Сабду уаҟа аҭаацәара далалеит, санду Абрыскьылԥҳа лыжәлан. Аԥснынтә ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа иааз Кабаҭ ихьӡын. Гәлиаа ргәаҩа ҳәа иахьашьҭаз дҭыҵит. Аԥснынтә еицааз ажәлақәа рахьтә исаҳаны исгәалашәо Аҟәсаа роуп. Аҟәсы Реџьеԥ ҳәа дыҟан, сабду диқәланы. Гьедлач Гәлиа, Ҟазахә Абганба уҳәа еицаақәаз роуп", — иҳәеит Қаадем.

Аха, аҭырқәа идгьыл ианықәнагала еицәыӡит. Аишьцәа еибамбакәа иԥсқәаз ыҟоуп. Абас агәнаҳарақәа рацәаны ирхыргагәышьеит ҳаиҳабацәа. Иара иабду Абрыскьылԥҳа дымҵаирсит. "Аӡаагара ҳәа дышцоз лымҩа скын, дымҵасырсит", иҳәалон иабду. Ажәабжьқәа рацәаны ирзеиҭеиҳәалон. Германиантә аҭырқәа идгьыл ахь ианаа архақәа рҿы анхарҭа ҭыԥ рырҭеит. Уажәы иахьынхо аҭыԥ зегьы бнараны иҟан. Нас ирыцқьаны, уаҩ дынхаратәы, нап адкыланы иҟарҵеит. 

"Аԥсуаа пату еиқәырҵон еснагь. Аиҳабы аиҵбы еихаҵгылон. Атәым милаҭ ҳазланхогьы ҳхымҩаԥгашьа џьаршьон. Уимоу, иаҳҿырҵааз рацәоуп. Уажәы адемократиа иҟалаз маҷк ҳшьақәнаҟьазшәа збоит. Ҳҭоурых, ҳлеишәа, ҳқьабз ҳхаҳмыршҭыроуп", — иҳәеит Қаадем. 

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сима Агрԥҳа: сахьеизҳауаз аҭаацәараҿы аԥсуара аԥҟарақәа ирықәныҟәон

Дара рқыҭаҿы ирацәоуп аԥсуа жәлақәа: Гәлиаа, Бганаа, Абыгбақәа, Мацаа, Ҵәыӡаа, Абрыскьылаа уҳәа. Доусы ииҭахыз аҭырқәа жәлақәа алырхын, ус ирхырҵеит усҟан. 

"Ҳара хәҩык аишьцәа ҳаҟан. Зегьы аӡәаӡәала ҳаиҿыҵит. Ҳабду арахь данаа, қьалак ааҟаиҵан дтәеит. Ҳара ҳаиҳбацәа ашьаҵатәы рышьамҵаӡакәа иԥсгәышьеит. Аҳаиуан ацәа иалхны ажәцәеимаақәа ҳәа изышьҭоу рӡахуан. Уажәы аҿар уи аӡбахә змаҳацгьы ыҟоуп, аӡахышьа акәым. Сара аԥхын ааир ҳәа сшәон. Избанзар, арахә ҳрыцын ҳшьапқәа хтны. Ахаҳә аналалалакь цәгьа иаҟәаҟәон, ишәуан, ҳзымныҟәо аҟынӡа ҳҟалон", — ҳәа игәалаиршәоит абырг.

Иара арра данцоз, иишәымкәа, иихамкәа, арыцҳара ихьыкәкәоуп дышцаз. "Асааҭ шаҟа ыҟоузеи?" ҳәа ианиазҵаалак, аҭак изыҟаҵомызт. Избанзар, идунеихаан асааҭ захьӡыз имбаӡацызт.  

"Арра маҵзура аҷаԥшьаратә хәҭаҿы сҩызцәеи сареи ҳҽеиҭнаҳаԥсахлар акәымзи, саамҭа анааилак исыздыруамызт. Адунеи ҳалыхәдаан ҳаҟазшәа ҳхы ҳбон. Уажәы аамҭақәа рҽырыԥсахит, иаҳцәыӡқәаз ыҟоуп, еиқәҳархаз шыҟоугьы", — иҳәоит иара..  

Қаадем Аԥсны имбаӡац. Анеира дазхьаауп, иԥхыӡ иалоуп. Еҳ, ҳаиҳабацәа рыцҳақәа. Рыгәнаҳа шԥацәгьаз атәым дгьыл аҿы. Зыԥсадгьыл иаҟәыгоу иара ҳаргьы, дара ҳазлареиӷьузеи?..  

Аҿар аԥсынҵры Анцәа ириҭааит. Аԥснааи дареи аибабара рыбжьалааит, аԥсынҵры змоу ацҳа ӷәӷәа хызааит нырцәи-аарцәи. Аҭоурых бзиа змоу ажәабжьқәа еибаҳҳәалааит. Ҳаибабара, ҳаиҭанаиааира адацқәа ӷәӷәахааит. Ижәдыруаз, Аԥснынтә аӡәы илакҭа аҭаԥшра ҳара ҳзы ԥсҭазаарак ишаҩсуа!

Ажәабжьқәа зегьы
0