Гиви Агрба диижьҭеи 80-шықәса ҵит

© Sputnik Бадрак АвидзбаГиви Агрба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иаазкны еиҿкаан астол гьежь
Гиви Агрба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иаазкны еиҿкаан астол гьежь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гиви Агрба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иаазкны еиҿкаан астол гьежь.

АҞӘА, мшаԥымза 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гиви Агрба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкны Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны еиҿкаан астол гьежь.

Астол гьежь аҟны иқәгылаз Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа ар ираԥхьагыланы аӷа иҿагылаз раԥхьатәиқәа дыруаӡәкуп ҳәа.

"Сгәы иаанагоит ахәшьара ду аҭатәуп ҳәа Гиви Агрба ААР асистемаҟны иусура, Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура асистемаҟны иусура. Гиви Агрба иоуп зых иақәиҭхаз Аҟәа раԥхьатәи акомендантс иҟаз", — иҳәеит иара.

Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа еиҭеиҳәеит:

"Мрагыларатәи афронт аҟны изныкымкәа иҳаҳахьан Гиви Агрба ифырхаҵарақәа ртәы. Гивии сареи ҳаибадырит Маитәи аоперациаан. 2008 шықәса раан, иқәра акыр ишыҟазгьы асолдаҭцәа драԥхьагылан", ҳәа.

Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы. Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иара Аҟәа ахьчара аиҿкаара хадара азиуан. Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа.

© Sputnik Бадрак АвидзбаКруглый стол, посвященный памяти героя Абхазии Гиви Агрба
Круглый стол, посвященный памяти героя Абхазии Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны
Круглый стол, посвященный памяти героя Абхазии Гиви Агрба

Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара.

Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0