Аԥснынтәи Иерусалимҟа амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлоит

© AFP 2023 / THOMAS COEX Аԥснынтәи Иерусалимҟа амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлоит
Аԥснынтәи Иерусалимҟа амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
30-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлоит Амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Урҭ Амшаԥныҳәа аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы ихынҳәуеит.

АҞӘА, мшаԥымза 6 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснынтәи анцәа дхазҵо аныҟәаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлоит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха ааргаразы. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху афонд ахантәаҩы Рауф Ҳаразиа.

"Ҵыԥх еиԥш сынтәагьы, Анцәа ду имчала Амца ԥшьа аҟәырҷаха Аԥсныҟа иаагараны ҳаҟоуп. Ҳара ҳарҭаараны ҳаҟоуп Иерусалим, Адгьыл ԥшьа руахәамақәа, Вифлием, Назарет, Палестина", ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳаразиа.

Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссарион аныҟәаҩцәа рымҩа иԥшьоит. Аб Виссарион ари аныҟәара Аԥсназы иныҳәа дууп ҳәа ишьоит.

Аԥааимбар Илиа иуахәама амҵаныҳәаҩ аиреи Далмаҭ (Гоԥиа) ҵыԥхгьы Аԥснытәи аныҟәаҩцәа хадара риҭон. Сынтәагьы иара иоуп урҭ ираԥхьагылоу. Аиереи Далмаҭ иҳәоит дарбанызаалак анцәа дхазҵо изы Иерусалим анеира насыԥуп ҳәа.

"Анцәа иҭаххарада акгьы ҟалашьа амаӡам. Ҵыԥх Иерусалим анеира ҳқәашьхеит. Сынтәагьы Анцәа даҳхылаԥшып уи аус ԥшьа аҟны. Анцәа дырхылаԥшааит ҳажәлар зегьы. Ҳажәеи ҳуси акызааит. Аилибакаара ҳауааит", — иҳәоит иара.

Иерусалим Амца ԥшьа агылараан иузцәырҵуа ацәаныррақәа жәала рҳәара уадаҩуп иҳәоит аиреи.

Рауф Ҳаразиа иажәақәа рыла аныҟәаҩцәа Иерусалим инеироуп мшаԥымза 7 ауха.

Амца ԥшьа анҩеилак ашьҭахь аныҟәаҩцәа Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы Аԥсныҟа ихынҳәуеит.

Ҵыԥх еиԥш сынтәагьы Иерусалимҟа ацара еиҿнакааит Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху афонд. Афинанстә цхыраара руеит Беслан Ешба, Иури Аланиа, Михаил Чалмаз, Аҟәа ақалақь Ахадара.

Ажәабжьқәа зегьы
0