Лазер исабша аҽны Аԥснытәи аныҟәаҩцәа ҩ-џьар ныҟәарак мҩаԥыргеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАԥснытәи аныҟәаҩцәа ҩ-џьар ныҟәарак мҩаԥыргеит
Аԥснытәи аныҟәаҩцәа ҩ-џьар ныҟәарак мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
30-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи анцәа ихаҵаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлеит Амшаԥ лаша аламҭалазы.

ИЕРУСАЛИМ, мшаԥымза 10 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Мшаԥымза ааба, Лазер исабша аҽны Аԥснытәи аныҟәаҩцәа ҩ-џьар ныҟәарак мҩаԥыргеит ҳәа ааицҳауеит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафии рыхьӡ зху Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Леван Адлеиба иажәақәа рыла актәи аџьартә ныҟәара мҩаԥган Вифлиемҟа, аҩбатәи Виффагии аҟынтәи Иерусалимҟа.

"Ашьыжь Анцәа иашьапкра ҳалахәын. Иара мҩаԥысит ацқьақәа Марфеи Мариеи руахәамаҟны, Виффаниа. Уи ашьҭахь ҳхы ҳархеит Ҳаиқәырхаҩ Лазаарь иԥсы ахьҭеиҵаз аҭыԥ ахь", — иҳәеит Адлеиба.

Лазер исабша аҽны Аԥснытәи аныҟәаҩцәа ҩ-џьар ныҟәарак мҩаԥыргеит. Леван Адлеиба иаажәақәа рыла "аџьартә ныҟәара еснагь имҩаԥыргоит Ҳаиқәырхаҩ Иерусалим агәашәқәа данырҭалаз амш аҽны (Вербное воскресенье)".

Аԥснынтәи Иерусалимҟа амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлоит - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Иерусалимҟа амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлоит

Аныҟәара иалахәу Лиудмила Арзиани иазгәалҭеит ааԥсарак рхы ишадрымбало.

"Ҳара убриаҟара шьапыла ҳахысит, аха иарбанызаалак ааԥсарак ҳамам", — лҳәеит лара.

Лазар исабша "Амшаԥ хәыҷы" ҳәагьы иашьҭоуп.

Амҽышаҽны ҳтәылауаа рхы аладырхәуеит Анцәаиашьапкра ду аныҳәа, нас Кана Галилеитәии Назарети рахь инеиуеит.

Аԥснынтәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Абри аидеиа цәырыргеит Рауф Ҳаразиеи Леуан Адлеибеи. Амца анҩеилак ашьҭахь Аԥснытәи аныҳәарҭақәа рахь ихынҳәуеит Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы.

Аныҟәара афинанстә цхыраара арҭеит Беслан Ешба, Иури Аланиа, Михаил Чалмаз, Аҟәа ақаалақь Ахадара.

Ажәабжьқәа зегьы
0