Москватәи аԥсуа диаспора ахәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" мҩаԥыргоит

© Фото : http://abkhazmoscow.ruМоскватәи аԥсуа диаспора ахәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" мҩаԥыргоит
Москватәи аԥсуа диаспора ахәмарра Иарбан? Иаба? Ианба? мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва инхо аԥсуа ҿар мшаԥымза 20 рзы имҩаԥыргоит аинтеллектуалтә ахәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" ааԥынтәи аиԥылара.

АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Москва инхо аԥсуа ҿар мшаԥымза 20 рзы имҩаԥыргоит аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" ааԥынтәи аиԥылара. Абри атәы аалыцҳаит МАД ахаҭарнак Инна Барчан. Аинтеллектуалтә хәмарразы аинтерес змоу азҵаарақәа жәпакы азырхиоуп лҳәоит Инна Барчан.

"Азҵаарақәа мариаӡам. Реиҳарак Аԥсны аҭоурых, аетнографиа, акультура, ақьабзқәа ирызкуп. Уи ҳара ҳзы ԥҟаррак еиԥшны ишьақәгылоуп", — лҳәоит Барчан.

Актәии аҩбатәии ахәмаррақәа ирылахәын 10 командак. Макьаназы урҭ Москватәи адиаспора алахәылацәа рыла ишьақәгылоу командақәоуп, аха Барчан лажәақәа рыла уажәазы дара ирыгәҭакуп ахәмарра агеографиа арҭбаара.

"Ахәмарра аидеиа цәырҵит ҵыԥх. Ҳара ахәмаррақәа ҩба мҩаԥаагахьеит. Иҳагәҭакуп адиаспора рыҩныҵҟа амацара акәымкәа егьырҭ адиаспорақәагьы ралархәра", — лҳәеит лара.

Адиаспора ахаҭарнак лажәақәа рыла аԥхьахә, адизаинер Аида Гыцԥҳа илнапкымҭоу аты амацара акәым, аԥхьахә ҟазшьа рымоуп аконцертқәеи аспектакльқәеи рҭаара алзыршо асертификатқәагьы.

Инна Барчан иара убасгьы иазгәалҭеит, аиҿкааҩцәа ахәмарра Аԥсуа телехәаԥшрала дырбара шрыгәҭаку.

Ахәмарра рхы аладырхәыр рылшоит ахәаԥшцәагьы. Аинформациатә маҵзура, арадио Sputnik Аԥсны иаднакылоит авидео-зҵаарақәа. Урҭ аашәышьҭыр алшоит m.vozba@sputniknews.com ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0