Абылтәы ахәԥса аҳаракра амаршруттә таксиқәа ртарифқәагьы анырра рнаҭоит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРост цен на бензин в России
Рост цен на бензин в России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Ақәҵара ареспублика аҵакыраҟны абылтәы ахә ашьҭыхразы. Абри Ақәҵара амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәеи ахатәы машьынақәа рырныҟәцаҩцәеи ишрыдыркылаз атәы еиликаауан Sputnik акорреспондент Бадри Есиава.

Мышқәак раԥхьа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Ақәҵара ареспублика аҵакыраҟны абылтәы ахә ашьҭыхразы. Иаарласны абылтәыҭаҭәарҭақәа зегьы рыҟны абылтәы ахә ҳараркит бжьаратәла 1,5 мааҭ рыла. Амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа ракәзар, ари аӡбра оумашәа ирымбаӡеит, аха уи инадҳәаланы ргәы иҭоуп апассаџьырцәа рныҟәгаразы ахәԥса аҳаракра. Ари атема амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа ражәабжьқәа ираԥхьагылоуп уажәы. Ахаша ашьыжьгьы уи алоуп излалагаз.

"Шьыжьнаҵы шәааир акәын, зегь ҳаизаны абри азҵаара ҳаналацәажәоз. Егьа ҳхәыцзаргьы ҳзызкылсыз акоуп – апассаџьырцәа рныҟәгара ахәԥса шьҭыхтәуп. Мааҭки бжаки акыр ирацәоуп ҳара ҳзы", — иҳәеит амаршрут Гагра-Аҟәа ибжьоу арныҟәцаҩ.

Иҩызцәеи иареи убри аан иазгәарҭеит хаԥышәала ари азҵаара шырмыӡбо, аха атранспорт азы Аусбарҭахь анеира ргәы ишҭоу.

Абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы ахәԥса абас ишьақәгылоуп: АИ-92 —35 мааҭ, АИ-95 – 37 — 37,5 мааҭ, АИ-98 – 39,5 мааҭ. Аилахәыра "АЗиД" аҟны иҳарҳәеит ирҭиуа аалыҵ ахә иара аахәаратә хәыԥса иадҳәалоуп ҳәа.

"Мшаԥымза 6 2017 шықәса рзы ЗҲӘА "АЗиД" аҟны ирҭиуа аалыҵ зегьы рыхәԥса 1,5 мааҭ рыла иҳараҳкит. Ҳарагьы егьырҭ ҳаиԥш зеԥшу аилахәырақәа реиԥш абылтәы иааго ахәԥса зыдҳәало иахьынтәиааго иҟоу ахәԥсақәа роуп", — рҳәеит аилахәыра ахаҭарнакцәа.

Ақалақь аҩныҵҟатәи амаршруттә транспорт аусзуҩцәа ракәзаргьы егьырҭ ирҳәо рыцырҳәоит.

"Атарифқәа шьҭыхтәуп. Ауаа рыцҳаҳшьоит, аха аҽа мҩак ыҟаны иаабом. Ҳаргьы ҳаилышәкаа. Ҳаргьы аҭаацәарақәа ҳамоуп, иныҟәгатәуп", — рҳәоит еицҿакны.

Иагьазгәарҭоит Аминистрцәа Реилазаара аӡбра амашьына аԥсҟы зку зегьы рзы иеидара хьанҭаны ишыҟалаз.

"Ҳара атарифқәа 15 мааҭ рҟынӡа ианхаагала ашьҭахь изныкымкәа зегь рыхәқәа шьҭырххьеит. Амашьынамаҭәахәқәа: ҩышықәса раԥхьа 1400 иаԥсаз, сынтәа 1800 мааҭ иаԥсоуп. Зегьы 20-30% рыхә шьҭыҵхьеит. Амҩақәа ракәзар, узлацәажәо ракәым. Ажрақәа раәзар аԥхасҭа ҳарҭоит", — рҳәоит дара, иагьрыгәҭакуп 5 мааҭк рыла атарифқәа ҳараркырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0