Кәыҵниа: аԥшаӷьы аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа хымш-ԥшьымш рыҩныҵҟа еиҭашьақәыргылахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛев Кәыҵниа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥшаӷьы иахҟьаз амашәырқәа рҭыԥ ақәҵара шымҩаԥысуа
Лев Кәыҵниа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥшаӷьы иахҟьаз амашәырқәа рҭыԥ ақәҵара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥшаӷьы иахҟьаз амашәырқәа рҭыԥ ақәҵара шымҩаԥысуа.

АҞӘА, мшаԥымза 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ааигәа иасыз аԥшаӷьы аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа хымш-ԥшьымш рыҩныҵҟа еиҭашьақәыргылахоит, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Sputnik акорреспондент аинтервиу иҭо.

"Ашьыжь асааҭ 10 рзы Гагра араион аҟны аурҭ ӷәӷәа – аԥшаӷьы асит. Аԥхасҭа роуит аҩнқәа, атранспорт. Ирацәоуп зхыб зхыху аҩнқәа", — иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Очамчыреи Тҟәарчалигьы аԥхасҭақәа ҟалеит.

"Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амаҵзурауаа аусурақәа мҩаԥыргоит, ацхыраара ахьаҭаху инеиуеит абригадақәа", — иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла ашәахьагьы аҳауатә ҭагылазаашьа уадаҩхар ауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0