Ҳаџьымба ахәшьара ҳарак риҭеит аԥсабаратә рыцҳара аԥыхраз имҩаԥго аусурақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит мшаԥымза 23 рзы ареспубликаҿ аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара инадҳәаланы
Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит мшаԥымза 23 рзы ареспубликаҿ аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара инадҳәаланы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит мшаԥымза 23 рзы ареспубликаҿ аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара инадҳәаланы.

АҞӘА, мшаԥымза 24 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит мшаԥымза 23 рзы ареспубликаҿ аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара инадҳәаланы. Аилацәажәараҟны иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусура бзиа. Абои атәы ҳзаалыцҳаит атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

"Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи аенергетикцәеи активла имҩаԥырго аусуразы. Амҩақәа ррыцқьара акәзар мышкы-ҩымш ракәхоит иахьадхало", — иҳәеит иара.

Аԥхасҭа зауз ахыбрақәа дрылацәажәо Ҳаџьымба акапиталтә ргылара Аусбарҭеи аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылареи" рнапы ианиҵеит аҭагылазаашьа ҭырҵаарц.

Лев Кәыҵниа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥшаӷьы иахҟьаз амашәырқәа рҭыԥ ақәҵара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа: аԥшаӷьы аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа хымш-ԥшьымш рыҩныҵҟа еиҭашьақәыргылахоит

"Арҭ ахыбқәа зегьы ааигәоуп аҩнқәа ианрықәҵаз. Еилышәкаа урҭ аусурақәа мҩаԥызгоз. Дасу рхарџь ала еиҭашьақәдыргылааит аԥша ихнашәаз ахыбқәа", — иҳәеит атәыла Ахада.

Аԥыза-министр Беслан Барцыц иҳәеит аԥхасҭа ахышәа-ҵышәа ашьақәыргыларазы аусурақәа шхацырку. Иара иажәақәа рыла Гагра, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҟны аԥхасҭақәа ҟалеит. Аԥхасҭа зауз ахыбрақәа рганахь ала аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" аекспертизақәа мҩаԥнагароуп.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит аҳәынҭқарратә цхыраара ҟаҵахоит уи ахьхымԥадатәиу аҭыԥқәа рҟны ҳәа. Аенергетика аганахь ала аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа. Иара иажәақәа рыла ареспублика иахьаҵанакуа зегьы афымцатә цәаҳәақәа ҭыԥ-ҭыԥла аахақәа роуит.

Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа Реилазаара адҵа риҭеит мшаԥымза 25 рзы аԥсабаратә ԥхасҭазы иахәҭаны иҟоу ахарџьқәа рхышәа-ҵышәа шьақәырӷәӷәаны адырра ирҭарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0